Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит

Гәдоуҭа араион   Ҟәланырхәа ақыҭа инхоит Аҩӡба Гәдисеи Аҧшьыцба Мирандеи рҭаацәа.  Урҭ ирааӡоит хәҩык ахәыҷқәа: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Аҭаацәа ақалақь иазааигәаны иахьынхо аҟынтә, уахь усура ицеит. Ахәыҷқәа , шықәсык инаркны  быжьшықәса рҟынӡа рхыҵуеит.  Ранду Замира Чукба илыбзоураны, ахәыҷқәа ран аус луеит, анду ахәыҷқәа дрыцынхоит, илааӡоит.

 Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҩӡаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Афонд ахьӡала ҳамҭас арҭ аҭаацәа иранашьан  аӡәӡәага амашьына, ателевизор, аӡазы анасос уҳәа рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа маҷымкәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа излалҳәо ала, ари ақыҭаҟны ахшара рацәа змоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа  рыҧшаараҟны ацхыраара ҟалҵеит афонд ахаҭарнак. Иара убас, ари аус дадгылеит ақыҭа ахада Рафик Ақаҩба. Анаҩс, ишьақәыргылан афонд ахьӡала, аҧхьаҟа ацхыраара зырҭараны иҟоу  ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсиа.

 «Ҳара ҳқыҭаҿы имаҷҩым ахшара рацәа змоу, ацхыраара зҭаху, џьаргьы аусурҭа змам аҧсуа ҭаацәарақәа. Сара даара садгылоит апроект «Аҧеиҧш» имҩаҧнаго аусура, аҭаацәарақәа рынхара-рынҵыраҿы рхы иадырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа рыла адгылара ахьрышәҭо. Агәра згоит аҧхьаҟа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» ҳареи аусеицура шҳабжьало. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит !»-ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа администрациа ахада Рафик Ақаҩба. 

 

Subscribe to Syndicate