«Жәларбжьатәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча ҩаҧхьа ацхыраара анаҭеит.
18/10 2016
Ааигәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, уи ахаҭарнакцәеи Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча иаҭааит. Ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усқәа шазугьы, ахәыҷқәа ихаҭәааны рымаҵ ауразы иагу-иабзоу ыҟоуп. Уи аҭагылазаашьа збаз афонд ахада, дук хара имгакәа, Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча афонд ахьӡала ҳамҭас иаиҭеит хкы рацәала ахәмаргақәа.
Иара убас, Сенер Гогәуа, ахәыҷбаҳча аиҳабы Ельвира Ҵнариаҧҳа ажәа лиҭеит, ҩаҧхьа ари ахәыҷбаҳча зҿлымҳарада ишаанырмыжьуа. Лара арзаҳалаҿы иалырбаз лҭахрақәа инарықәыршәаны, Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳчазы афонд ҩаҧхьа ацхыраара ҟанаҵеит. Уажәшьҭарнахыс «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» абзоурала, ахәыҷбаҳча акрыфарҭа еиқәыршәоуп хкы рацәала иҟоу, иҧшӡоу асаан маҭәахәқәа рыла.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҷыдала иазнеиуеит ахәыҷқәа рызҵаара. Аҧхьаҟагьы иазгәаҭоуп Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны иҟоу ахәыҷбаҳчақәа ацхыраара рыҭара»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.














.png)








