Маркәылатәи абжьаратә школ ацхыраара аҭоуп

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», А. Џьонуа ихьӡ зху Маркәлатәи абжьаратә школ №2, ҳамҭас акомпиутерқәа анаршьеит. Убри инамаданы иаарласны уаҟа иаартхоит акомпиутертә зал.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәрмал, Маркәылатәи абжьаратә школ адиректор Рауль Кәакәасқьыр, ақыҭа ахаҭарнак Гиви Хәырхәмал.

Ашкол адиректор Рауль Кәакәасқьыр дрылацәажәеит ақыҭа школқәа ирыҧгылоу ауадаҩрақәа ртәы, арҵага шәҟәқәа разымхара, афинанстә хьысҳара. Ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал дазаатгылеит, ақыҭаҿы  асоциалтә ҭагылазаашьа зеиҧшроу.

Ақыҭа школқәа ирызку апроектқәа арҵаҩцәа рыцхыраара анаҩс, зегь раҧхьа иргыланы аҵаҩцәа аҭагылазаашьа бзиа  рзаҧнаҵоит адырра ҵаулақәа рыҭареи, ҳаамҭазтәи аметодқәа рхархәареи рҿы.

Subscribe to Syndicate