Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.

Иахьа, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхыраара иазку апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Хәҩык ахәыҷқәа зааӡо Руслан Ҳаџьымбеи, уи иҧшәмаҧҳәыс Маринеи ҳамҭас ирызнаргеитанхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, ахәы зҭарҵо архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак. 
"Ҳара ҳзы ари хәы змаӡам цхыраароуп. Тҟәарчал аҭагылазаашьа уадаҩуп, ахныҟәгара цәгьахеит. Сыҧшәма ирҳауа ахәыҷқәа рхәы мацароуп изызхо. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит"-лҳәеит Манана Ҳаџьымҧҳа. 
Ҳазҭоу амзазы апроект "Аҧеиҧш" даҽа ҭаацәарак ацхыраара рзыҟанаҵоит.

Subscribe to Syndicate