Иорданиатәи ҳџьынџьуаа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит.

Арҭ амшқәа рзы Аҧсны иааны иҟоуп Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Ашьраф Абаза-Чқәуа иҭаацәеи иареи. Иахьа, урҭ идикылеит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Иорданиа инхо ҳдиаспора рахьтә иҟоуп маҷк иадымхаргьы зхатәы бызшәала ицәажәо, аус ауеит дара еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Диван-абаза». Еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҿы аус руеит  хылҵшьҭрала иаҧсацәоу аинралцәа, апарламент адепутатцәа, абизнесменцәа уҳәа еиуеиҧшым азанааҭқәа змоу ауаа.

 Сенер Гогәуа, Иорданиатәи ҳџьынџьуаа ирзеиҭеиҳәеит афонд аусура ахықәкы, еснагьтәи апроектқәа рыӡбахә. Инаҵшьны иазгәеиҭеит, афонд зегь раҧхьаӡа иргыланы, Аҧсны иҟоу адемографиатә ҭагылазаашьа азҿлымҳареи, ацхыраареи шанаҭо,  убри инаҷыданы афонд аҟны аус шыруа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ахеилакқәа. Иҳәеит,  Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы, ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы ахаҭранакрақәа раатра ргәы ишҭоу, урҭ рхыҧхьаӡараҿы Иорданиагьы. Агәаҳәара ааирҧшит аҧхьаҟатәи ҳаимадарақәеи, ҳусеицурақәеи рыҿиара амҽхак арҭбаарц.

Иорданиатәи ҳџьынџьуаа, афонд ахада  Сенер Гогәуа ҭабуп ҳәа иарҳәеит еиҿикааз аиҧыларазы. Иара убас, ирҳәеит ирылшо ала, афонд имҩаҧнаго аусурақәа рҟны ацхыраара шарҭо, еиҳаракгьы агәабзиарахьчара аганахь ала.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы, асасцәа, афонд ахьӡала агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьан.

 

Subscribe to Syndicate