Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориеви «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадареи еиқәшәеит

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, уи ихаҭыҧуаҩ  Мақсим Ӷәынџьиеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Семион Григоривеи  злахәыз аиҧылара мҩаҧысит.

 Афонд ахадара, Семион Григориев изеиҭарҳәеит афонд  имҩаҧнаго аусурақәа ртәы, иара убас Урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи дареи аҧхьаҟатәи русеицзура.

  «Аиҩызареи аусеицзуреи рганахь ала ҩҳәынҭқаррак рыбжьара иаашәырҧшыз шәлагала акырӡа ирацәоуп, ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аҭакҧхықәра ду зцу шәмаҵзура аҟны шәусура»-иҳәеит Сенер Гогәуа. 

Subscribe to Syndicate