Аҧснытәи аделегациа ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит

Октиабр 7 инаркны 12-нӡа, Ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит Аҧснытәи аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟан ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә поилитика аилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа. Урҭ рхы рхы рыладырхәит Ермантәыла аҳҭны қалақь Ереван 2798 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәа, иара убас хырхарҭала еиуеиҧшымыз аиҧыларақәа жәпакы. Ааҧхьара рыман   ақыҭанхамҩатә аалыҵ иазкыз ацәыргақәҵахь, Аҧсныи Ермантәылеи рекономикатә еимадарақәа рырҿиаразы ахәаахәҭра-ааглыхратә палатахь. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект  «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сенер Гогәуеи, Иулиа Гәымҧҳаи хаҭала ирҭааит Ермантәыла инарылукааша ахәышәтәырҭатә центрқәа, уаҟа аус руеит афонд аҧшьгарала  ДЦП ачымазара змоу Аҧснытәи ахәыҷқәа зхәышәтәуа аҳақьымцәа.

«Аҳақьымцәеи ҳареи ҳаиҧыларақәа рҟны ҳарзааҭгылеит аҧхьаҟатәи ҳусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Ахәҭакахьала, Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсныҟа рааҧхьара рҧышәа ҳамдаразы. Ааигәа,  Аҧснынтә  уахь идәықәҵан аоперациа амҩаҧгаразы ДЦП ачымазара зыхьуа фҩык ахәыҷқәа. Ноиабр мза аҽеҩшамҭазы даҽа быжьҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәразы Ермантәылаҟа ишьҭхоит. Ҳазҭалоу ашықәс ҿыц, Ианвар мза инаркны, афонд ацхыраарала,  хымз рахьтә знык, згәабзиара ҧку ахәыҷқәа, Ермантәылатәи ахәышәтәырҭақәа рахь ишьҭхоит, уаҟа урҭ ирзыҟаҵахоит иахәҭоу аоперациа. Иара убас, ахшара зцәа даламшәо аҭаацәарақәа рзы, ҷыдала уи иазку ацентр ҳаҭааит, аҳақьымцәеи ҳареи ҳаицәажәеит. Аҧснынтә уахь ҽыхәышәтәра инеиуа рзы ахәҧса иагхоит»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, Ермантәылеи «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» аҧхьаҟатәи русеицзура амҩақәа азгәаҭоуп. 

Subscribe to Syndicate