Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан

11-ҩык ахшара рҭаацәа Жьиба Кумачи, Мархолиаҧҳа Иулиеи,  Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа инхоит.  Ахшара ран «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь илҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд анапхгара аҳасабырба рыдыркылеит ари аҧсуа ҭаацәара ацхыраара рзыҟарҵарц. Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Жьиаа рҭаацәа  ҳамҭас ирыҭан ателевизор, афатә зҭарҵо архьшәашәага, ауадақәа зладырҧхо амаҭәар, аӡәӡәага машьына, аӡы хазгало анасос, афатә злаҟарҵо афымцатә  плита,  иара убас абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа рацәаны.

  Кумачи  Иулиеи рыхшара рахьтә, аиҳабы ихыҵуеит 26 ш, аиҵбы быжьшықәса.  Хәҩык ашкол ахь иныҟәоит, хәҩык  ашкол иалгахьеит, аиҵбы макьана аҩны дыҟоуп.  Аҭаацәа инеиҧынкыланы аусурҭа рымам.  Аӡы акәзар ауадаҩрақәа рызцәырнагоит, акыр ахарантә иааргоит. Ақәа анлеиуа ақәаӡы  ныхтәыс еизыркуеит.  Аҭаацәа аҧсыуак ишиаҭәо еиҧш ақыҭаҿы рхы ныҟәыргоит, ауҭраҭых ҟарҵоит, арахә-ашәахә рзануп.  Аха, 11-ҩык ахшара рааӡара ицәырнаго ауадаҩрақәа еилкаау усуп.  Убри азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа  абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рынаҭоит.

Иазгәаҭатәуп,   Мгәыӡырхәа  инхо   Жьиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭаразы  Иорданиа ҳьынџьуаа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ишахырыҧхьаӡалаз   аҧара. 

Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәҧҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи, Жьиаа рҭаацәа рҿы ирҧылаз ахәыҷқәа, агәахәара ду рырҭеит.  Ҭабуп ҳәа рарҳәоит афонд анапхгареи, ацхыраара рызҭаз Иорданиа инхо ҳџьынџьуааи.

Дауҭ, Саида, Рада, Даур, Дмитри, Салима, Хамида, Сабина, Данил, Демо, Асҭамыр Жьиаа, агәра ҳгоит рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы ихәарҭаханы ишгыло!

Subscribe to Syndicate