«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь

Аҟәа ақалақь, Ажәытә ҳаблаҿы инхо Маланӡиа Беслани, Ҵәыџьҧҳа Марҭеи хәҩык ахшара рааӡоит, ҧшьҩык арҧарцәеи, ӡӷабки: Давид, Дамир, Амир, Самир,  Самира. Давид быжьшықәса ихыҵуеит, сынтәа актәи акласс далгеит. Ԥшьҩык аишьцәа раҳәшьа хәыҷы Самира шықәсык лхыҵуеит, ҩыџьа ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит. Аҭаацәа реиҳабы Беслан, еснагьтәи аусура имаӡам, аха изакәызаалак ихы деигӡом, ихшара амла иамкырц азы уахгьы-ҽынгьы аус иуеит. Аҧшәмаҧҳәыс  излалҳәаз  ала, есымза ахәыҷқәа рзы аҳәынҭқарра фнызқь мааҭ аҧара азоунажьуеит,  аха уи рхы рзаланыҟәгом.

Маланӡиаа рҭаацәа рсоциалтә ҭагылазаашьа ахьысҳара азгәаҭаны, иара убас ҷыдала хәҩык ахшара ран «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иҟалҵахьаз аҳәара инақәыршәаны, афонд есымзатәи апроект «Аҧеиҧш»  аҳәаақәа ирҭагӡаны абзазаратә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәеит. 

 Иахьа, афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Сырма Ашәҧҳа, Роман Қапба ари аҭаацәара аҳамҭақәа рыманы ирызнеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан афатә зҭарҵо архьшәашәага, аӡәӡәага машьына, аӡы зладырҧхо абак, афатә  ахьырӡуа ахархәага, аҩны зладырҧхо амыруга, ауанҭа, иара убас абзазараҿы рхы иадырхәо амаҭәарқәа маҷымкәа.

Иазгәаҭатәуп, иахьа  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагаз апроект  «Аҧеиҧш»  ацхыраара шаиҭаз индиатәи абизнесмен Аравамутанг Чакрапани. Иара афонд иахыиҧхьаӡалеит 50 нызқь мааҭ аҧара.  

 Ахшара рацәа змоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рзы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш»  аусура иацҵахоит ҳтәыла егьырҭ араионқәа рҟны. 

Subscribe to Syndicate