Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогэуа иаҧшьгарала, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы, аус ауеит апроект "Аҧеиҧш". Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гэдоуҭа араион Лыхны ақыҭа инхо хэҩык ахшара раб, Гиви Генаба иҭаацәа, аматериалтә цхыраара рыҭоуп. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд аҟны иаҧҵоу акультуреи аҵарадырреи рыҟәша анапхгаҩы Нугзар Логәуеи, Генабаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирызнеит . Уаҟа иҟоуп анхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡы зладыршуа абак, агазтә плита, ателевизор, ахәыҷқәа рзы ахәмаргақәа, ахаамыхаақәа уҳәа ргәы ҟазҵаша аҳамҭақәа маҷымкәа. Гиви Генабеи Екатерина Ҷантуриаҧҳаи рыхшара рахьтә зегьы иреиҳабу Алмас, жәшықәса ихыҵуеит, иреиҵбу Саламеиа, ҩышықәса. Урҭ рахьтә ҧшьҩык ӡӷабцәоуп, руаӡәк дыҷкәыноуп. Аҧшәма ихшара рааӡаразы ихы деигӡом, излаилшо ала аус иуеит.Рыҩнаҭа акәзар, аҧсуара агым. Ирызнеиуа асасцәа гәаартыла, рчеиџьыка рнапы иқәҵаны ирҧылоит. Гиви иашьеиҳаб Гурам, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит.Ҳаибашьцәа гәымшәақәа иргаз Аиааира иабзоураны, иахьа, Аҧсны еизҳауа ахәыҷқәа ирымоуп аҭынч ҧсҭазаара. Рыҧсадгьыл ҧшӡа иқәыҩуеит урҭ рыччабжь, рыхәмарбжьы.
"Аҧсыуа ҭаацәарак ирыдымзаргьы, ҳфонд, урҭ рыцхырааразы ус хәыҷык азыҟаҵазар, ҳара ҳзы даара инасыҧуп. Ари аус ҧшьа, хымҧада аҧхьаҟагьы аҿиара амоуп. Ҳаҧсуа хәыҷқәа, ҳара ҳҧеиҧш зырлашо роуп"-ҳәа азгәеиҭеит Нугзар Логәуа, Генабаа рҭаацәара ҧшӡа дрызгәыдуны.
Аҭаацәара реиҳабы, хәҩык амоҭацәа ранду, Емма Зыхәҧҳа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, афонд аусзуцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит имҩаҧырго аусуразы. Илҳәеит, аҳамҭақәа ззааргаз ахәыҷқәагьы, Аҧсны иаҵеицәа лашаны ирызҳарц.
Иазгәаҭатәуп, апроект "Аҧеиҧш" раҧхьатәи аусура шхацнаркыз, Очамчыра араион Баслахә ақыҭа. Уи ақыҭаҿы инхо фҩык ахшара раб, Џьон Хьиба иҭаацәа, аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан. Апроект "Аҧеиҧш", мызкахь знык, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа адгылара рырҭоит. Урҭ ралыҧшаараҟны, заанаҵы афонд аусзуцәеи, араионқәа рхадацәеи еиқәышаҳаҭны аиҿкааратә усқәа мҩаҧыргоит. Анаҩс, иалкаау аҧҟарақәа ирықәныҟәоит.
Шәааи нас, иаҳгәалаҳаршәап, Аҧсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ицәаҳәақәа: "Ҳшеишьцәо гәаҭаны, ҳнапқәа еикәҳаршар, акыр ҳаиқәнархозар, убри ҳаиқәнархоит..."

Subscribe to Syndicate