Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.

Очамчыра араион  Џьал ақыҭа инхо, Беслан Габелиеи, Светлана  Габлаиаҧҳаи быжьҩык ахшара рааӡоит. Ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә  иҟоуп. Аҧсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭә қьабзқәа аҧҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаҧшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит.  Ҳҳәынҭқарреи,  ҳауаажәларреи  рҧеиҧш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит. Иаҳҳәозар, архьшәашәага, ателевизор, аӡы зладыршуа абак, ачаӡыга, аҩнарҧхага уҳәа амаҭәахәқәа маҷымкәа.

«Исгәалашәоит, Чықәниа  Џьамал ҳәа еиҳабык дҳаман Ҭырқәтәыла, убас иҳәон: Австралиа дыҟазаргьы аҧсыуак, ишьапы маӷык алалар, абраатәи аҧсуаа ҳгәы ҳнархьуа аҟынӡа  аибабашьа ҳамазароуп, ҳаихӡыӡаароуп ҳәа. Ҳара ҳфондгьы заҧҵо убри азоуп. Аҧсуаа ҳаицхыраароуп, ҳаидгылароуп, ҳрыцҳеибашьароуп. Усҟан, ҳҧеиҧшгьы бзиахоит, ҳҳәынҭқаррагьы еиҳа иӷәӷәахоит. Иахьынӡаҳалшо ала, ҳабжьы ахьынӡанаӡо, ҳамч ахьынӡаҟо ҳаидгылап.  Абарҭ иҟаҳҵақәо, ҳалаҽырбарц акәӡам. Аҧхьаҟа, ацхыраара аҟаҵара згәы иҭо, убарҭ арцыхцыхып ҳәа ауп . Ари аҩыза аус,  ҳаидгыланы ҳахаҵгылар, ҳажәларгьы, ҳхәыҷқәагьы аргәырӷьоит, ҳҧеиҧшгьы бзиахоит»-ҳәа азгәеиҭеит афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа.

Габелиаа рыхшара аиҳабы, Апснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иҵоит. Ԥшьҩык,  Очамчыратәи ашкол интернат аҟны. Ҩыџьа, Тҟәарчалтәи абжьаратә школ аҟны. Урҭ, аҵареи, аспорти аусхкқәа рҟны  еихьӡарала рхы аадырҧшуеит.  Афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, даараӡа пату ақәырҵеит.

«Ари даара иус ҧшьоуп. Имариагәышьам, ақыҭаҿы ахшара рацәа рааӡара. Анцәа иҳаҭәеишьеит, уи ҳаигәырӷьоит. «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, иара ивагыло иҩызцәа зегьы, ҭабуп ҳәа расҳәоит,  ацхыраара зышәҭаз ҳхәыҷқәа рыхьӡала. Ари нахысгьы еиҳагьы шәылшареи шәгәамчи ӷәӷәахааит. Иҳалшо ала, ҳхатә џьабаала ҳанхоит. Ахәыҷқәа раб иакәзар, агәабзиара нагӡаны имам. Излаилшоз ала аибашьраҿгьы ихы ааирҧшит, ишыжәбо еиҧш, ихатә џьабаала ахәыҷқәа рааӡара даҿуп»- лҳәеит, быжьҩык ахшара ран, афырҧҳәыс Светлана Габлаиаҧҳа.

Ииашаны, зых пату ақәҵаны, мацқьа  шьацқьала инхо арҭ аҭаацәа, ирымоуп рынхара рынҵыраҿы ирыҧгыло ауадаҩрақәа. Уи аҳәара шырцәыуадаҩызгьы, еилкаахеит, зегь раҧхьа иргыланы, аӡи , амҩеи ирыдҳәало азҵаатәқәа шракәыз. Изыруада, нас уи зыбжьы ақәзырго, агәыразра аазырҧшуа аӡә дҟаларгьы?!

Subscribe to Syndicate