Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
27/02 2017
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ари ақыҭаҿы инхо 35 шықәса зхыҵуа Омар Гындиа, иҧшәмаҧҳәыс Ирина Ҵәыџьҧҳаи иареи ирааӡоит ааҩык ахшара: Рада, Радха, Ренат, Руслана, Расита, Регина, Растислава, Раиана. Иреиҳабӡоу илхыҵуеит 16 шықәса, зегь иреиҵбу асаби ҩымз.
Гындиаа рҭаацәа рсоциалтә ҭагылазаашьа акыр ихьысҳауп. Ақыҭа агәы акыр иацәыхаран инхоит. Ахәыҷқәа ашкол ахь ианцои ианымцои еиҟароуп, ҩсааҭк инеиҳаны аныҟәашәа бжьоуп. Ари аҭаацәараҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы ирыцкуп аӡы амамзаара, аӡы ахьынтәаарго акыр ирцәыхароуп. Аҧшәмаҧхәыс лгәабзиара акәзар акыр иуашәшәыроуп, аҧшәма ихатә џьабаала иахьа капеик аҩныҟа изаагар разҟуп, аха еснагь усурала деиқәшәам.
Абарҭқәа зегьы азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гындиаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, арепатриациеи адемографиеи рзы афонд аҟны иаҧҵоу ахеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳаи, арҭ аҭаацәара афонд ахьӡала аҳамҭақәа рыманы ирҭааит. Иаҳҳәозар: аӡәӡәага, ателевизор, агазтә плита, адуховка, ауанҭа, ачаиник, амаҭәа-ҩыҭәа уҳәа абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа маҷымкәа.
Аҧшәма аҩны дыҟамызт, аҧшәмаҧҳәыс лакәзар, афонд ахада Сенер Гогәуа раҧхьа днаргыланы афонд аусзуцәа ҭабуп ҳәа ралҳәоит иҟарҵаз агәыҳалалратә цхырааразы.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.