«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахаҭарнак Сырма Ашәҧҳа аҭааит Очамчыра араион Аҭара ақыҭа инхо Кәыҵниаа рҭаацәа.

Ҳазҭоу ашықәс, жәабран мзазы Амиран Кәыҵниа иҩны машәырла иблит. Ишырҳәо еиҧш, адәы иқәхеит ҧшьҩы ихәыҷқәеи, иҧшәма ҧҳәыси, иани. Ҳазҭагылоу аамҭазы хыҵакырҭас ирымоуп уаҩ дызхымыз рааигәа иҟоу ҩнык. Аха, аҭаацәа раб игәы камыжькәа, иаб игәараҭа имырӡырц азы, аҩны ҿыц ашьапы икит, актәи аихагыла аҟынӡа инеигахьеит. Хымҧада, ахәыҷқәа рааӡареи, аҩны аргылареи, ацәгьеи абзиеи рбара, Амиран изы даара ихьанҭоуп, насгьы ақыҭаҿы аагарҭа аныҟам еиҳагьы иуадаҩуп.

Абарҭқәа зегьы азгәаҭаны, змазара хьысҳау, ахшара рацәа змоу  аҧсуа ҭаацәарақәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара рзыҟанаҵоит. Афонд ахаҭарнакцәа, Кәыҵниаа рҭаацәа ҳамҭас ирызнаргеит абзазараҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа: афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага амашьына, ахәы злаҟарҵо амаҭәар, аӡеизгарҭатә бак, иара убас аҭаацәа рзы адәқьан аҟынтәи ашьапымаҭәақәа, ацәарҭамаҭәақәа уҳәа хкы рацәала анхараҿы иуҭаххаша ахархәагақәа.  Кәыҵниаа рҭаацәа даара гәахәала ирыдыркылеит ироуз ацхыраара. 

Ахәҭакахьала, Сенер Гогәуа  иазгәеиҭеит аҧхьаҟагьы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуцәа, арҭ аҭаацәа хылаҧшрада ишаанырмыжьуа. Аҩны аргылараҿы ирылшо ала ацхыраара шрырҭо.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа ахшара реиҳабы Радҳа Кәыҵниаҧҳа, Аҧснытәи ахәынҭқарратә университет афилалогиатә факультет дышҭалаз, ҩыџьа Радеи,Асмаҭи ашкол ахь иныҟәоит, аиҵбӡа Еснаҭ  ҧшьышықәса дырҭоуп.

Иаҳдырып, гәыблыла ҳразнеип, уаҵәтәи ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҧеиҧш запы иану еизҳауа абиҧара ҿа!

Subscribe to Syndicate