Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Бзыҧта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.

Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит  жәаҩык ахшара.  Хәҩык аҧацәеи, хәҩык аҭыҧҳацәеи.  Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыҧхеит 45ш. ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз  урҭ ран, Аннета Ҳамиҭҧҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҧҟарақәа инарықәыршәаны, Хьециаа  рҭаацәа ацхыраара рзыҟаҵан. Дара рҭахрақәа еилкааны, афонд ахьӡала ирызнаган аҩнымаҭәақәа: адивани акреслақәеи, астоли аҟәардәқәеи, ахәы ахьыҟарҵо,  рызлаҽдырҧхо амаҭәахә.

«Аҧсны раионцыҧхьаӡа, аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷқәа аныҟала, ҳара иаҳҭаху аҩыза аҧсуа ҳәынҭқарра, хымҧада иҳаргылоит.   Хгәыӷрақәа  здаҳҳәало абарҭ ахәыҷқәа роуп. Ҳара ҳазхьымӡаз, аҧхьаҟа дара инарыгӡап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, иахьа алшара змоу, ҳҳәынҭқарра аума, абизнес знапы алаку роума, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа адгылара раҳҭар, лассы ауадаҩрақәа ҳаӡбар ҟалоит.  Убри хықәкыс иҟаҵаны, Гагратәи араион ҳаҭааит. Мышьҭабзиала ҳааит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аус аҧхьаҟагьы аҿиара амоуп. Агәабзиара рыманы еизҳалааит ҳхәыҷқәа, ҳара убри ауп иаҳҭаху»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа

Гагра араионтә еизара адепутат Алла Григолиаҧха излазгәалҭаз ала, Хьециаа рҭаацәа,  рхатә џьабаала инхоит, еихӡыӡаауа иныҟәеибагоит.

«Аҳәынҭқарра ахьӡала, араион ахьӡала, еснагь ҳрыдгылоуп, ацхыраара излаҳалшо ала ираҳҭоит. Аҧсуаа рзы, ахшара рацәа, ари мал дууп, гәырӷьароуп, гәышьҭыхроуп. Хьециаа ирзыҟашәҵаз ахаҵгыларазы, ирзаажәгаз  аҳамҭазы,  даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәамчи, алшареи шәыманы, аҧсуа ҭаацәарақәа шәрыцхраалартә еиҧш, аҭагылазаашьа Анцәа ишәиҭааит»-лҳәеит Алла Григолиаҧҳа.

«Издыруада, абарҭ ахәыҷқәа ацхыраара ианаамҭоу ирыҭазар,  ианеизҳалак, аҵарадырра анроулак, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ныҟәырго иҟалар?  Ҳааҭгыланы ҳхәыцып,  иааҳарҧшып агәыҳалалра. Ус рымҳәои аҧсуаа: «Аеҭым икәакәар былуам»   ҳәа.  Убри аҭагылазаашьа ыҟоуп абри аҭаацәараҿы. Ран лыҟазаара рынмырҧшӡакәа, аҭыҧҳацәа, рашьцәеи, раҳәшьцәеи хәыҷқәа нап рыдкыланы,  агәаҧхарра рыдҵаны,  ирхылаҧшуеит, еибааӡоит»-ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа.

Иара убри аҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида  Инаҧшьҧҳаи, Гагра иҟоу афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи идикылеит араион ахада Беслан Барцыц. Сенер Гогәуа араион ахада инарҭбааны изеиҭеиҳәеит афонд аусура ахықәкы. Ахәҭакахьала, Беслан Барцыц, иҳәеит Гагра араион афонд имҩаҧнаго аусурақәа ишрыдгыло.  Аиҧылараҟны иазааҭгылан аҧхьаҟатәи русеицзура иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, афонд ахьӡала, араион ахада ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Иара убас, апроект «Ани амаалықьи» ахырхарҭала, Гагра араион инхо, ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа аҳамҭақәа риоуразы, афонд ахаҭарнак Слава Сақаниа иҽимардарц рылшоит.

Subscribe to Syndicate