Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны

Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аусура ацҵо, иаҭааит ақыҭа Ҭхьына инхо, ааигәа  афонд ахь ацхырааразы аҳәара ҟазҵаз, ахшарарацәа змоу Рамаза Зингашьвилии Гәында Ԥаԥасқьырԥҳаи рҭаацәара, избан акәзар аҭаацәара нхоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы.  Зынӡа Рамази Гәындеи быжьҩык ахшара рымоуп, аиҳабацәа анхамҩаҟны рҭаацәа ирыцхраауеит, избанзар инахароу ақыҭараҟны аусура ҳәа акгьы узыԥшаауам.

Ахшарарацәа змоу аҭаацәара ахьынхо баны иӡбан, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩны  аӡыржәтә амамзаара апроблема арҽеира.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ала иаахәан 450 м иҟоу аӡымҩангара шәыра, аӡы зҭарҭәо амкьаҭ, аӡырԥхагатә мкьаҭ, аӡәӡәага  машьына, аҭышәныртәалага, абзазаратә химиа, иара убас ахәыҷқәа рзы ахаа-мыхаақәа.

Subscribe to Syndicate