Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
04/06 2020
Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Абгархықә ақыҭан инхо, ахшара рацәа змоу Зыхәаа рҭаацәара.
Ааигәа, аҭаацәара аиҳабы Ахреи, иԥшәмаԥҳәыс Камаҷыҷи ацхырааразы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит.
2018 шықәса рзы аҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит, рыҩны амца акит. Аҭаацәеи, андуи, хәҩык ахәыҷқәеи хыбрада иаанхеит. Иахьцоз-иахьаангылоз ахьрымамыз иахҟьаны, аҭаацәара иблыз, зыбжа хырбгалоу аҩны аҟны иаанымхар ада ԥсыхәа рмоуит.
Ацхырааразы адгылара рырҭеит рыуацәеи, иара убас атәым рыцҳара ахь агәыразра аазырԥшыз ауааԥсыра.
Хәҩык, зықәра маҷу ахәыҷқәа ахьынхо аҩнаҟны иҟамызт аӡыржәтә. Ҳара ҳфонд убри зегьы азгәаҭаны, ирзаанахәеит ари аԥынгыла аӡбаразы иаҭаху зегьы: аӡхалагага, аӡымҩангагақәа, аӡы аизгагатә бак, ацқьаразы еиуеиԥшым ахархәагақәа, абзазаратә химиа. Иара убас абетонтә ӷәра иақәдыршәуа аламинат.
Аҩны аԥшәмаԥҳәыс, ансамбль «Шьараҭын» анкьатәи алахәылаҩ Камаҷыҷ Џьыкырԥҳа ишаҳзеиҭалҳәаз еиԥш: «Ҳаԥхьа игылоу ауадаҩрақәа рацәоуп, аха ҳара ҳгәы каҳажьуам, ишакәхалакь, адгьыл ықәаарыхны, арахәи аԥсаатәи ааӡо, ҳхы ныҟәаҳгоит, избан акәзар изызҳауа ҳхәыҷқәа ршьапы иқәҳаргылароуп».
Камаҷыҷ иара убас ҭабуп ҳәа ралҳәеит изҭагылоу ауадаҩра баны ацхырааразы ирыдгылаз, агәыразра аазырԥшыз зегьы.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.














.png)








