Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
29/01 2016
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, 100нызқь мааҭ аҧара, зыҩны блыз, хшара рацәа змо Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.
Гагра араион Гьечрыҧш аҳабла инхо Зураб Қорсантиеи Мзиа Гезердааҧҳаи, ҧшьышықәса раҧхьа агәаҟра ӷәӷәа иақәшәеит. Ааҩык рыхшареи дареи аҩны ишыҟаз, изыҩназ ахыбра амца акын инықәыблаа ицеит. Ишырҳәо еиҧш, хкыдгыларҭа рымамкәа адәы иаақәхеит. Уижьҭеи аамҭа акыр шцахьоугьы, аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Иблыз аҩнаҵаҟа, рнапала иацхраан иҟарҵаз уадахәыҷык аҟны, рхәыҷқәа рыдкыланы, ҭаацәала еицынхоит. Рыкрыфара, рыкрыжәра, рышьҭаларҭа уҳәа, иахьа уажәраанӡа рхы убра иаларыгӡоит.
Ас еиҧш агәаҟра иақәшәаз аҭаацәа, цхыраара хәыҷык ҳауазар ҳәа, Сонер Гогәуа напхгара зиҭо «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа аҳәара ҟарҵеит. Хымҧада, афонд ахадара, ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Қорсантиаа рҭаацәа адгылара рынаҭеит. Зегь раҧхьа иргыланы, изызҳауа аҧсуа хәыҷқәа рҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, зымҩа иаанымгылеит, афинанстә цхыраара рзыҟанаҵеит.
«Хара ҳфонд, асоциалтә проектқәа адгылареи, ацхыраареи рынаҭоит. Аҧсуа ҭаацәарақәа, ахшара рацәа зааӡо, ҳҳәынҭқарра иауасхырны ҳрыхәаҧшуеит. Афонд ахьӡала, 100нызқь мааҭ аҧара шәанаҳшьарц ҳҭахәуп. Ишәааӡо шәыхшара агәабзиареи, агәамчи рыгымзааит»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.
Қорсантиаа рҭаацәа ракәзар, афонд иҟанаҵаз ахаҵгылара, акырӡа еигәырӷьеит.
«Сҭаацәа зегьы рыхьӡала, даара ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз ацхыраара ду азы. Зегь раҧхьа иргыланы, иҳашәҭаз аҧара, ахәыҷқәа ирыгу ирыбзоу, насгьы рыхәышәтәрахь исышьҭуеит. Ас еиҧш ацхыраара раҧхьаӡа акәны иҳауит. Даара гәахәала иҳадаҳкылеит»-лҳәеит аҩнаҭа аҧшәма ҧхәыс Мзиа Гезердааҧҳа.
Абасала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку асоциалтә ҟазшьа змоу апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩаҧхьа агәыҳалалра аанарҧшлоит.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.