Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа

Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаҧҳаи жәҩык ахшара рааӡоит.  Ԥшьҩык  аҭыҧҳацәеи, хәҩык  арҧарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игор, Милана.  Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыҧҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит.  Фҩык ашкол иҭоуп, ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп.  Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыҧшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь.

 Сенер Гогәуа напхгара зиҭо «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Чихлаӡе рҭаацәа афонд ахьӡала, агәыҳалалратә цхыраара рзыҟаҵан. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи, арепатриациеи, адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳаи, ахшара рацәа змоу аҭаацәа рахь нап ҭацәыла имҩахымҵит. Аҭаацәа  рҭахрақәа инарықәыршәаны урҭ ҳамҭас ирыҭан анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, аӡы зҭарҭәо абак, аӡәӡәага машьына, ачаӡыга уҳәа, аҩны ирҭаххаша еиуеиҧшым ацхыраагӡақәа.

«Амалқәа зегьы ирмалуп ахшара рацәа. Ҳазшаз ари аҩыза абеиара зегьы ираҭәеишьаӡом.  Шәара уи шәалыхәдаамхеит.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, ахныҟәгара аҭагылазаашьа мариамзаргьы,  уи алҵшьа еснагь иҟоуп. Шәыхшара еизҳап, ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рзы ихәарҭахап. Ҳфонд, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа, излалшо ала, адгылареи, ацхыраареи анаҭоит. Уи шәара гәахәала иахьшәыдышәкыло, ҳара акырӡа ҳаигәырӷьоит»-иҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.  

Чихлаӡе рҭаацәа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  иҟанаҵаз ахаҵгылара ахә ҳаракны иршьеит.

 «Сара, ахшара рацәа змоу анык лаҳасаб ала  сшәықәныҳәоит. Иуадаҩуп хымҧада ахныҟәгара. Аха, излаҳалшо ала ҳааиуеит.  Аҩнаҭа аҧшәма  заҵәык инапы ҳаныҧшылоит, ирҳауа ахәыҷала ҳхы ныҟәаҳгарц ҳҽазаҳшәоит. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәахьаҳхаҵгылаз. Шәыцхыраара анапы ахьҳашәҭаз»-ҳәа азгәалҭеит ан, афырҧҳәыс  Зита Цацуаҧҳа.

Апроект «Аҧеиҧш» аҧхьаҟагьы аусура иацнаҵалоит Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны.

Subscribe to Syndicate