Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
30/03 2016
Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Аҧшәмаҧҳәыс Жанна Ҳаџьымҧҳа, иааӡатәны илзынхеит быжьҩык ахшара, хәҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Кархалаа рҭаацәа аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵеит. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Очамчыра араион ахьӡала афонд ахаҭарнакс иҟоу Демиан Гогәуа, арепатриациеи, адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа, арҭ аҭаацәара аҳамҭақәа рыманы ирҭааит. Иаҳҳәозар: ателевизор, аӡы зҭарҭәо абак, анасос, аӡәӡәага машьына, ауада зладырҧхо уҳәа ацхыраагӡатә маҭәахәқәа маҷымкәа.
Демиан Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит афонд имҩаҧнаго аусура атәы. Зегь раҧхьа иргыланы, афонд хықәкыс ишамоу, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа азҿлымҳара аҭара, уи азы излалшо ала, адгылара аарҧшра.
Асида Инаҧшьҧҳа лакәзар иазгәалҭеит, ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы, ан аҭакҧхықәра ду шлыду.
«Ҳара даараӡа ҳреигәырӷьоит абас еиҧш ахьхьаџьџьаҳәа ахәыҷы рацәа аҧсуа игәараҭаҿ иахьрызҳауа. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ииашоуп ахныҟәара уадаҩуп. Еиҳагьы ихьанҭоуп, ахшара рааӡара знапы алаку ан лџьабаа. Абри аус аҟны, иҳалшо ала адгылара ҳзаарҧшуазар, уи ҳара ҳзы игәырӷьароуп»-ҳәа азгәалҭеит афонд амаӡваныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа.
Кархалаа рҭаацәа, афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, ҭабуп ҳәа ахырҳәааит.
«Ҳақәгәыӷуамызт ас еиҧш ацхыраара ҳауп ҳәа. Иаҳзаажәгаз зегьы, ҳхәыҷқәа рааӡараҿы иҳагыз-иҳабзаз ауп. Шәара шәажәа аҧхарра мацарагьы ҳазхон. Еизҳауа ахәыҷқәа аҧсахааит шәџьабаа»-дцәажәон абду.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура хацнаркижьҭеи, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ааба, ацхыраара рынаҭахьеит.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.