«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа лымш ира лыдырныҳәалеит Адиле Шахбас-иԥҳа Абасс-оглы.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аҧша» аорден а-2-тәи аҩаӡара занашьоу Адилле Абасс-оглы, ҳтәыла аҭоурых аҿы лышьҭамҭа анымҵуа иануп. Сталинтәи арепрессиақәа рнаҩс, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә, зыҧсы ҭаны иаанхаз лара лоуп. 1938 шықәса рзы, Адилле Абасс-оглы, Лакоба дахьиҭынхаз азы, «Жәлар драӷоуп» ҳәа ахара лыдҵаны, арепрессиа лызун. 1953 шықәса рзы, дахьҭакыз аҭыҧ аҟынтә лхы дақәиҭтәын, дагьыхынҳәит Аҟәаҟа. Лара дызнысыз лыҧсҭазааратә мҩа шьахәла ианыҧшуеит лгәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәы «Не могу забыть».

Аҧсҭазаара акыр икыднаҟьаз, алахьынҵа цәгьа зцыз амҩа ианысыз аҧҳәыс хатәра Адиле Абасс-оглы, сынтәа илхыҵит 98 шықәса.

«Сара сыҧсыргьы, ишәхашәмыршҭын, Аҧсынтәыла ашәҭ еиҧш икакаҷлоит»-ҳәа азгәалҭоит Адиле Абасс-оглы дызнысхьо лҭоурыхтә мҩа азгәаҭо.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Оқтаи Ҷкотуа, Сырма Ашәҧҳа,  Сабина Быҭәҧҳа, Адиле Шахбас-иҧҳа илҭааит  лымш ира лыдырныҳәаларц.  Ҳамҭас зегь раҧхьа иргыланы илзеиӷьаршьеит агәабзиара, ақәра нҵыра ду. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа ихьӡала, лнапы иаркын адныҳәаларатә шәҟәы.  Хымҧада, азеиӷьашьарақәа ирыцын  ашәҭ шьыҵәрақәа, иара убас  лгәабзиара аиӷьтәразы  лгәы иаҭахәу  џьара ак злаалхәаша аҧара.

Subscribe to Syndicate