Аҧсуа радио 86 шықәса ахыҵит

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Аҧсуа радио амш рыдысныҳәалоит уи аиреи ашьақәгылареи аҟны игылаз, зџьабаа аду, иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакәа уи амаҵ азызуа, арҿиара знапы алаку зегьы. Аҧсуа радио, хымҧада, ҳажәлар ирҿахәҳәагоуп. Нхыҵи-Аахыҵи, нырцәи-аарцәи еимаздо, цҳас ирыбжьоу, аҧсышәала зыбжьы ҿацаӡа иго, адырраҭара шьахәқәа рыла ҳажәлар шьыжьы инаркны хәлаанӡа ргәы зырҿыхо Аҧсуа Радио аихьӡарақәа азеиӷьасшьоит! Ҳажәлар знысхьоу аҭоурыхтә мҩаҿы Аҧсуа Радио ашьҭа еицакра амамкәа иануп.

Ицәажәоит Аҟәа! Наунагӡа Аҧсынра иқәыҩлааит Аҧсуа Радио абжьы!

Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
Ахада Сенер Гогәуа

Subscribe to Syndicate