Иорданиа иҟоу Хашимиттәи Акралра апарламент адепутатцәа Аҧсны иаҭааит

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра  аҳҭнықалақь аҿы ихацырхын аофициалтә ҟазшьа моу Иорданиатәи Ахашамиттә кралра иатәу апарламенттә делегациа  злахәыз аиҧылара. Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа идикылаз асасцәа реилазаараҿы иҟан: Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар.

Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа адепутатцәа хаҭала ианидикыла анаҩс,  имҩаҧысит адепутатцәа зегьы злахәыз инарҭбааз аилатәара. 

Иорданиатәи  апарламент  адепутатцәа Аҧсныҟа раҧхьаӡа акәны иааит, уи хымҧада ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рҳәаақәа арҭбаауеит.

 Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аилак аиҳабы Бесан Дбар,  адепутатцәа идикылеит. Аиҧылараҿы асасцәа еилыркааит арепатриациа иадҳәалаоу апроцессқәа  реиҿкаашьа, иара убас, Аҧсни Иорданиеи рыбжьара акультуреи агәыҳалалратә еимадарақәеи рышьақәгылашьа.

Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟоу адепутатцәа рныҟәарақәа мҩаҧигоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Аҧсны иаан иҟоу асасцәа раара ацхыраара азнауит, еихсыӷьрада  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны  ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа рҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа ахьышьақәдырӷәӷәоз, урҭ ирыдҳәалаз азҵаарақәа иахьырхаҵгылоз.

Ахәҭакахьала, декабр мза, 2017 ш. рзы,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аделегациа Иорданиа ианы  ҟаз,  уатәи апарламент аиҳаби дареи еиҧылеит, Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы аофициалла иҟаиҵаз ааҧхьара иарҳәеит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аделегациа  Иорданиа ианыҟаз,  адепутатцәеи абизнесменцәеи, Аҧсны аполитикатә, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа инарҭбааны иддырдырит. Иара убас,  ҳтәыла иамоу аинвестициатә потенциал реилдыркааит.

«Иорданиатәи апарламент аҿы иҟоу аҧсуа-дыга хылҵшьҭрақәа ирыбзоураны, ҳарҭ иҳалшеит аҩтәылак апарламентқәа  рдепутатцәа реиқәыршәара, реимадара.  Убас еиҧш, Аҧснытәи аделегациа  Иорданиа рыҟазаара ашьҭахь, хымз ааҵуаны,  Иорданиатәи апарламент адепутатцәа Аҧсныҟа раара алыршахеит. Ауаатәыҩса рыбжьара аимадара аҳәаақәа ырҭбаауа, ҳара иҳалҳаршеит Аҧснытәи Иорданиатәи аҳәынҭқаррақәа реизааигәахара, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәа русеицура алҵшәа бзиа аиура»-ҳәа азгәеиҭеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Subscribe to Syndicate