Ашықәсҿыцазтәи аҧсаӡ Ареспубликатә реабилитациатә центрқәа рзы

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи",  Ареспубликатә реабилитациатә центри, иара убас  "Дом Москвы" еицеиҿыркааит зымаха-зышьаха змыхәо ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцазтәи аныҳәа.
Асасцәа хәыҷқәа акыр ргәалаҟара шьҭнахит атеатралтә қәыргыламҭа. 200-ҩык инарзынаҧшуа аныҳәа зхы алазырхәыз ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду иҟынтә аҳамҭақәа роуит.

Subscribe to Syndicate