Агәыҳалаларатә фонд «Ашана» 7ш.ахыҵит

Акультура гәыҳалаларатә фонд «Ашана» 7ш.ахыҵит

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахаҭарнакцәа, акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» аусузцәа зегьы риубилеи рыдырныҳәалоит.

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны шәара ишәылшәыршеит аусура ду амҩаԥгара, згәыӷрақәа ҿыцәаахьаз аԥсҭазаара рышәҭеит. Шәара ишәыбзоураны Аԥсны инхо ахәыҷқәа аҭагылазаашьа  роуит  аԥеиԥш бзиазы.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәусура, убри инаҷыданы ҳусеицзура акыр ҳаигәырӷьоит, уи имаҷымкәа алҵшәақәа аанашьҭхьеит.

Ишәзеиӷьаҳшьоит аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа, зегь раԥхьа  иргыланы зхы-зҿы еихаччо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еизҳааит, агәабзиара рымазааит, ари аус аҟны шәара шәылша рацәоуп.

Subscribe to Syndicate