Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаҧысит Каисери

Ҭырқәтәыла, Каисери ақалақь аҿы нанҳәа 23 инаркны 25-нӡа имҩаҧысит 50-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль.  Уи азкын аҧсуа-дыгатә еилазаара ари арегион аҿы иаҧҵоижьҭеи амш ныҳәа азгәаҭара.
Ас еиҧш иҟаз акультуратә ҧсҭазаараҿы аҳра руан ацәыргақәҵақәа,  аконцерт. Хәсааҭк ицоз аконцерт рхы аладырхәит Аҧснынтә, Урыстәылантә ашәаҳәацәа, уи еиднакылеит 50 000-нызқьҩык ауаа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" ҳџьынџьуаҩ Мансур Ашәанбеи ирыбзоураны, афестиваль аҿы аҧсышәала ашәа иҳәеит Ерик Миқаиа, ахәаҧшцәа рыбзиабарагьы даҧсахеит.
Ерик Миқаиа иажәақәа рыла, афестиваль аҟны аҳра зуаз аиҩызаратә ҳауеи, ҳџьынџьуаа рыҧхарреи, игәалашәараҿы ихамшҭуа хҭысны иаанхоит.

Subscribe to Syndicate