Агәыҳалалратә акциа мҩаҧысит

Рашәара 24, акрыфарҭа «ДЕМ» аҟны, ауаажәларратә еилазаара «Иҭабуп Аиааиразы» захьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны,  агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» еиҿнакааит агәыҳалалратә аукцион. Уаҟа еизгаз аҧара, зҭагылазаашьа уадаҩу  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирзеихшахоит.

Ас еиҧш иҟаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд аменеџьер Сабина Быҭәҧҳаи.  Дара иаархәеит асхьақәа ҩба, убриа алагьы ари аус аҟны рлагала ҟарҵеит.

«Ас еиҧш иҟоу аиҿкаарақәа хымҧада иаҭахуп. 25 шықәса раҧхьа арҭ ауаа рыҧсҭазаара иамеигӡакәа ҳтынчра рыхьчеит. Иахьа, урҭ рахьтә аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны инхақәо ыҟоуп. Ҳара иаҳуалҧшьоуп аветеранцәа рыдгылара, иахәҭоу ацхыраара рыҭара. Иаҧшьызгазгьы, еиҿызкаазгьы, зхы алазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп»-ҳәа азгәеиҭеит Мақсим Ӷәынџьиа.

Subscribe to Syndicate