Акыр иаҧсоу амсылман дин хаҵаҩцәа!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит иҧшьоу амсылман ныҳәа-Рамазан. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара! Ҳазшаз дышәзылҧхааит!

Иахьа, адунеи иқәынхо амсылманцәа рзы ихыркәшахоит иҧшьоу амза Рамазан. Ари ашықәс азы, уи аҧхынтә аамҭа иақәшәеит. Ашоура ӷәӷәа зцыз амшқәа рыхгара шыуадаҩызгьы, амсылман динхаҵаҩцәа ирылдыршеит уи ақәнага аныҟәгара. Адәы алашара ықәнаҵы акрырфомызт, акрыржәуамызт, еихӡыӡаауа еизыҟан, сасра еиҭанаиааиуан, агәыҳалалратә ҟазшьа змаз аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауан, иныҳәа-ныҧхьон, Аллаҳ иашьапкуан. Ари амза ахыркәшара амсылманцәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп, Рамазан амшқәа рзоуп апророк Муҳаммед, архангел  Џьибраил ила аҟәрҟан шизаашьҭыз. Ари аныҳәа ҧшьазы, ахацәа аџьаамақәа рахь рҿынархоит Аллаҳ имҵахырхәарц, иашьапкырц, аҳәса ракәзар, еиҳарак аныҳәатә матанеира аҩны имҩаҧыргоит.

Ҳазшаз илаҧш шәхызааит! Аныҳәа алҧха шәымазааит!

Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада

Сенер Гогәуа

Subscribe to Syndicate