Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еиҿыркааит Ереван ақалақь аҟынтә ахәыҷтәы ҳақьым-ортопед Аԥсныҟа иааԥхьара.  Раԥхьатәи агәаҭарақәа мҩаԥган Гудоуҭа ақалақь, ареабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны. Раԥхьа иргыланы агәаҭарақәа ирхысит ДЦП ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа.  Иара убас, адкыларахь инеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи», «Ашанеи» рыцхыраарала Ермантәыла аоперациа ззыҟарҵаз ахәыҷқәа, аҳақьым урҭ рылҵшәақәа дреигәырӷьеит.

Иаарласны Ермантәылатәи аҳақьым Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы имҩаԥигоит имариам аоперациақәа ҩба.

Иара убас, Аҟәа ақалақь аҿы иазгәаҭоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа.

Subscribe to Syndicate