Аҧсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ацхыраара аҭоуп.
28/04 2020
Иахьа ҳара ҳфонд ацхыраара анаҭеит Амсылман динтә еиҿкаара «Иаку Аҧсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа».
Аҧсны амсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы Ӡыба Ҭемыр Леонид – иҧа ҭабуп ҳәа иҳәеит ҳфонд ирнаҭаз ацхырааразы.
Афатәқәа реизга аҳасабала иҟоу ацхыраара нашьҭхоит, иагьырзеиҩыршоит 40 ҭаацәара, 150-ҩык ауааҧсыра инарзынаҧшуа.
Зыӡбахә ҳәоу акциа иазкуп иҧшьоу, амсылманцәа зегьы рныҳәа - Рамадан