Ақалақь Аҟәа инхо 35 ҭаацәара ацхыраара рыҭан

Ачымазара ҿкы - акоронавирустә инфекциа аларҵәара ашәарҭаразы, аҭагылазаашьа ҷыда инақәыршәаны, Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа.

"Ахәыҷқәа - аинвалидцәа рҭаацәа рассоциациа" изхылаԥшуа 35 ҭаацәара ироуит афатә тауарқәа реизга, уахь иаҵанакуан абарҭ афатәқәа: ашыла, ашьақар, амакрына, ауҭраҭыхқәа, еиуеиԥшым ахрыӷқәа иара убас абзазаратә химиа.

Ас еиԥш иҟоу, иуадаҩу аамҭақәа раан еиҳа  ашәарҭара иҭагылоуп згәабзиара ԥку ахәыҷқәа ахьызҳауа аҭаацәарақәа.

Subscribe to Syndicate