«Ани амаалықьи» ԥшьнызқьтәи аҳамҭа ианашьан Гостиев Лаван

Ԥхынгәы амзазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» раԥхьатәи апроект «Ани амаалықьи» хәышықәса ахыҵит.  Ари апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла  леиқәыршәара.  Ас еиԥш  агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьиз аҭаацәара, афонд аҟынтәи ироуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳамҭа.

Апроект «Ани амаалықьи» асаби -  Гостиев Лаван ианашьан ԥшьнызқьтәи аҳамҭа. Лаван ҳусбарҭа даҭааит иан  Вероника длыцны. Урҭ ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ лаша, аманшәалара.

Зынӡа, хәышықәса ирылагӡаны амаалықьцәа ирызшан ахамҭақәа  4-нызқь. Урҭ рахь 3295- ҩык – аԥсуаа, 705-ҩык – егьырҭ амилаҭқәа.

Аԥсны амаалықьцыԥхьаӡа риира  агәаҳәара ҳазцәырнагоит, ҳара иаҳҭахуп ҳтәылаҟны амаалықьцәа рхыԥхьаӡара еизҳаларц. Ахәыҷқәа зегьы агәабзиара рыцны, ҳаҭыр зқәу уааны ирызҳалааит.

Subscribe to Syndicate