Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҟны

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаҧгара иалагеит ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҭаарала. Ахәыҷқәа рзы иазыхиан узтәызтәуа апрограмма. Уаҟа, ахәыҷқәеи алакәтә фырхацәеи имҩаҧыргеит иеиуеиҧшым аконкурсқәа, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, ироуит аҳамҭақәа. Ҳәарада, ахәыҷқәа рныҳәа ихазынахәха, игәырӷьаччараха имҩаҧысит.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа зегьы, афонд ахьӡала ироуит ашықәс ҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа.

Subscribe to Syndicate