Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы аҳамҭа
23 Лаҵ
Иахьа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳамҭас иаиуит ҳаамҭазтәи амыругақәа аҧҟарҭатә зал азы. Ас еиҧш иҟаз аусмҩаҧгатә еиҿкаан «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхырааралеи, ростовтәи аилахәыра «Биофарма» абзоуралеи.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа еизаз зегьы аҧсшәа реиҳәеит. Иазгәеиҭеит, иахьа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәоу амыругақәа рыла ишеиқәыршәоу.
Иҟаҵаз ацхыраара иартәоит 900.000 нызқь мааҭ, афинанстә харџь хада ахахьы иагеит аилазаара «Биофарма».
Ари ала ахәышәтәырҭа иаиураны иҟоу ацхыраара нҵәаӡом, еиҭашьақәыргылахоит иара убас, насгьы мыругала еиқәыршәахоит арентгентә уада, иаахәахоит иҿыцу амедицинатә инструментқәа.
- Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит
- Ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
- Ареспубликатə хəыҷтəы центр ацхыраара аҭоуп
- Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара хыркәшоуп
- Аинвалидцәа рзы арныҟәагақәа
- Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит
- Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит
- Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофармеи» (ақ.Ростов) Ареспубликатә реабилитациатә центр агәыҳалалратә цхыраара рзыҟанаҵеит.
- Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Аҟәатәи Ареспубликатә Реабилитациатә центр ацхыраара аҭоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь аҟны
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны иаан иҟоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр 100нызқь мааҭ азоунажьит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит
- Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.
- ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
- Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
- Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
- Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.