"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иӷару ауаа ацхыраара рыҭара иацнаҵоит.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ацхыраара рнаҭеит ақыҭа Џьгьарда иатәу 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа. Афонд аусбарҭахь аҳәара ҟалҵеит "Очамчыратәи Ақәыҧшратә Ҩны" анапхгаҩы Селма Занҭариаҧҳа. Уаҟа иҳәан, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭазарц. Ари аҳәара иадгылеит ақалақь Ростов аҟынтәи афонд алахәылацәа аилахәыра "Биофарма". Урҭ, аамҭа мгакәа Аҧсныҟа иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа.

Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иӷару аҭаацәарақәа ацхыраара рызҭаз зегьы.

Subscribe to Syndicate