Ҩажәаҩык аҵаҩцәа ацхыраара рыҭоуп

Абар иааит аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара аамҭа. Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы ари аамҭа ирызцәырнагоит имаҷымкәа ахарџьқәа.

Цәыббра 1 аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит афонд еснагьтәи апроектқәа ируаку- апроект «Агәыразра». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳалқәа рҟнытә иалхын ҩажәаҩык, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә аҵаҩцәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа ахәыҷқәеи рҭаацәеи ирыцны иаҭааит Аҟәа ақалақь адәқьанқәа руак. Уаҟа ирзаархәеит ашколтә шәҵатәымаҭәеи, иар убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәеи.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гәогәуа аҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц, иара убас ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Subscribe to Syndicate