Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет ацхыраара аҭоуп

Иахьа,  ҳара ҳаҭааит ААУ  азеиҧш нхарҭа, афонд ҳамҭас уи ианаҭеит  аӡəӡəагатə машьынақəа ҩба.

Азеиҧш нхарҭатə ҩны аиҳабы Зураб Амҷба ҳара иаҳирбеит ахыбра, уи еиқəыршəоуп астудентцəа рынхара аиҕьтəразы ҳаамҭазтəи астандартқəа ирықəыршəаны. Араҟа иҟоуп аҧсшьарҭатə уадақəа, аспортзал, абиблиотека, ашəҟəыҧхьарҭатə зал, амедеицинатə уада раҧхьатəи  ацхыраара роурц ахьрылшо.

„Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны“ ҩаҧхьа ацхыраара анаҭалоит ААУ азеиҧш нхарҭа, аҭагылазаашьа бзиақəа ахьаҧҵо инаҷыданы, иҟаҵатəқəоу ыҟоуп, иаҳҳəозар аспорттə дəы, иара убас  егьырҭ  ауадақəагьы.

Ари ацхыраара акраҵанакуеит, избанзар ААУ ҳтəылаҿы иҟоу аҵаратə усбарҭақəа зегьы иреиҳауп, иара убас зегьы ирыҧгылоу ҵарадырратə центруп, ҳаҧсадгьыл аҧеиҧш азы акадрқəа ахьеиҵарааӡо.

Subscribe to Syndicate