Аӡынтәи арҧхагақәа Ӷәадатәи абжьаратә школ азы
10/01 2019
Ӷәада ақыҭа ахадара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа иҟарҵаз ааҧхьара инамаданы, К.К. Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ ҳамҭас иаҭан арҧхагақәа 18. Ашкол аҟны аҵара рҵоит 40-ҩык аҵаҩцәа. Ӷәада а қыҭа администрациа аиҳабы Циала Ашәҧҳа иазгәалҭеит: «Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит «Жәларбжьаратә афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Шәара ишәыбзоураны ҳхәыҷқәа арҵаратә процесс ацырҵарц рылшоит акласстә уада ҧхақәа рҿы».














.png)








