«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа адныҳәалара рзыҟанаҵеит.
08/05 2020
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа даҭааит «Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Рҳәынҭқарратә Еилазаара». Ари аибашьра хлымӡаах аҟны еибашьуаз зегьы ирыдиныҳәалеит Аиааира амш. Аҧсны аҩнуҵҟа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны еибашьуаз аветеранцәа 44-ҩык ыҟоуп. Урҭ рыцыпхьаӡа рзы афонд ирызнархиеит афатәқәеи, абзазаратә химиеи рыла ишьақәгылоу аизгатәқәа.














.png)








