Сириатәи ҳџьынџьуаа хәыҷқәа аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа рзеиҿкаан.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Кәырбан-Баирам ныҳәа аҳаҭырази, Сириантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа рахь аныҟәарақәа еиҿнакааит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, зегь раҧхьаӡа  хықәкыс ирымаз, Сириа, аибашьра иалҵны зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иааз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа, аморалтә цхыраара рыҭара ауп. Иара убас, Аҧсадгьыл абзиабареи аҧсуареи рылааӡара .

« Шәара ибзианы ижәдыруеит Сириатәи Ареспубликаҿы имҩаҧысуа аполитикатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу. Уа ицо аибашьра иахҟьаны, ҩмиллионк  инарзынаҧшуа ахҵәацәа, Сириантәи Ҭырқәтәылаҟа иагеит. 20 нызқьҩык инарзынаҧшуа  Европатәи аҳәынҭқаррақәа  рахь рымҩа дырхеит.  Иҟоуп амҩан ирыҧгылаз ауадаҩрақәа ирзымиааикәа зыҧсҭазаара иалҵқәаз. Урҭ рхыҧхьаӡара зықьҩыла иҟоуп» - иҳәеит Сонер Гогәуа.

Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа аныҟәарақәа ззеиҿкааз, аибашьра иалҵыз, ахысбжьы заҳахьоу, ҳацхыраара, ҳадгылара зҭахыу ауаа роуп.

«Ҳара, аҧсуаа ибзианы еилаҳкаауеит ажәа «ахҵәара» иаанаго. Аамҭаказы,   ҳара ҳаиҳабацәа уи аҩыза рхыргахьан. Ахҵәара иацу ауадаҩрақәа, аҧсҭбарақәа акырӡа ирацәоуп. Ахеиқәырхаразы, аҧсҭазаара иазықәҧатәуп.Сгәы иаанагоит,  ҳара ҷыдала, адиаспора аус ҳазыҟазароуп ҳәа. Ҳара ибзианы еилаҳкаароуп, уаҵәтәи амш изызҳауа ҳара ҳхәыҷқәа шракәу. Убри аҟынтә, досу иҳалшо ала, ҳрывагылароуп. Ахәыҷы аиҳабацәа рҟынтәи иоуа ахылаҧшра, ахаҵгылара, ахааназы ихашҭӡом»-ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа.

 Сириантәи 50-ҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа, аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа рзеиҿкаан. Урҭ рахьтә иҟан ҧшьышықәса зхыҵуаз инаркны 20 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа. Урҭ даара гәахәала ирыдыркылеит ирзеиҿкааз аныҳәатә мшы.

«Сара Аиман Доӷәыз сыхьӡуп. Ҩышықәса раҧхьа, Сириантәи  сҭаацәеи сареи Аҧсныҟа нхара  ҳааит. Саҳәшьеиҳаб Ҳиба лыхьӡуп, дҭаацәароуп.  Сан Кәыџҧҳауп. Сара Аҟәатәи ахҧатәи абжьаратә школ аҟны аҵара сҵоит, 14 шықәса схыҵуеит. Даараӡа сгәы иахәеит, хаҭалагьы Сонер Гогәуа иҭабуп ҳәа иасҳәоит иаҳзеиҿикааз аныҳәазы. Исхамшҭуа мшны иаанхоит сыҧсҭазаараҿы»-ихәеит Аиман Догәз.

Аныҟәарақәа ззеиҿкааз ҳџьынџьуаа ҳәыҷқәа ирыцын урҭ  рҭаацәагьы. Басима Маршьанҧҳа лакәзар, ҧшьҩык ахшара дрануп. Рыҧшьҩыкгьы аҵара  рҵоит Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны.

«Сара, анык лаҳасаб ала, ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахыуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуцәа. Ари даара аҵакы ӷәӷәа амоуп ҳара ҳзы. Агәаҧхаражәа зегьы ирыцкыуп ҳара ҳзы. Ҳхәыҷқәа ирбаз рхашҭраны иҟаӡам»-лҳәеит Басима  Маршьанҧҳа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩ Сабина Быҭәҧҳа, ахәыҷкәа ргәалаҟазаара ҳацеҩшо иазгәалҭеит:

«Ахәыҷқәа даара аҧсуара рылааӡоуп, аиҳаби аиҵби реихаҵгылашьа рдыруеит. Агәыҧ иалахәыз рахьтә ирацәаҩуп аурыс бызшәа зҳәоз. Раҧсуа бызшәа акырӡа ихьысҳауп. Аха, агәаҳәара аадырҧшит ирҵарц шырҭахыу. Сара излазгәасҭаз ала, ирацәаҩуп аҟазара, арҿиара злоу ахәыҷқәа. Уи дырҵабыргуеит дара рыкәашарақәа, рышәаҳәарақәа, рыжәеинраалаҧхьашьа. Хымҧада, ас еиҧш иҟоу апроектқәа ҳфонд аҧхьаҟагьы аус аднаулалоит» - лҳәеит Сабина Быҭәҧҳа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Аиааира 22 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы изхаҵгыло ауснагӡатәқәа рацәоуп. Убарҭ ируакыуп Астол гьежь: «Аҧсни адиаспореи реимадара аизырҳара», иара убас, ахшара рацәа змоу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, зегь реиҳа иқәыҧшу аветеран иҭаацәа, абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара иҭара.

Subscribe to Syndicate