Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара хыркәшоуп Ҭырқәтәыла

Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау  апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара  мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор   Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы,  ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа,  ари ауснагӡатә иацҵан    хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла.  Адаҧазар, Сақариа,   Сҭампыл, Қьефқьен,   Џьгьарда-Сауксу  аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан   ҳџьынџьуаа злахәыз  аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны  «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык.  

«Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах»  изныкымкәа саҧхьахьеит. Саҧхьацыҧхьаӡа џьашьатәыс исымоуп  жәларык рлахьынҵа цәгьа  аарҧшра шилшаз. Зны-зынла   иҟоуп агәаанагара ансымоу, анаџьалбеит, ари агәаҟра иара хаҭала далахәызма, идыруазма ароман аҟны дзыхцәажәо ауаа ҳәа.  Аҩымҭа  иагәылагылоу ахаҿсахьақәа зегьы иара хаҭалаҵәҟьа идыруазшәа  ирцәажәеит, иааирҧшит. Еҳ, ахҵәара иақәшәаз жәларык рлахьынҵа цәгьа шҧаџьбараз? Хәыцра шәкы сеимаркуеит. Анцәа иџьшьаны аҧсышәала аҧхьара сзымариоуп, иҟоуп ароман аҟынтә ҿырҳәала издыруа  ахәҭақәа»-ҳәа азгәеиҭеит Адаҧазар инхо ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба.

 Ҭырқәтәыла инхо  апсуаа рахьтә иҟамзар ҟалап ҭаацәарак Баграт Шьынқәба ишәҟәы «Ацынҵәарах» зыҩны иҟам.  Уи арҵабыргуеит апроект зхы алазырхәыз , аҭыхрақәа рахь ианнеиуаз  ҳџьынџьуаа иргәыдыҳәҳәалан иркыз ашәҟәқәа.

«Ас еиҧш аҵак ду змоу ателехәаҧшратә проект, хымҧада адгылара асҭоит. Нырцәи-аарцәи инхо ҳауаажәлар ҳҭоурых ашьҭа еснагь ҳазҿлымҳазароуп.  Баграт Шьынқәба, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар  ирхыргаз ахлымӡаах, агәаҟра иҩымҭақәа  шьахәла ирныҧшуеит, иажәа амч ӷәӷәоуп. Ароман «Ацынҵәарах»  ҳара ҳзы ашьха ақәцә иахыҳәҳәо иҟоуп»-иҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

    Аҭыхратә гәыҧ Ҭырқәтәылаҟа ацара  ахарџь ахахьы иагеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны. 

Subscribe to Syndicate