«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟан.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, усуратә визитла  Ҭырқәтәыла иҟан афонд ахаҭарнакцәа: амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рхеилак анапхгаҩы Гурам Амқәаб, афонд алахәыла Оқтаи Ҷкотуа, аҧсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

 «Ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцара хықәкыс иамоуп аҧсуареи, арепатриациеи ирыдҳәалоу еиуеиҧшым азҵаарақәеи, апроблемақәеи рыҭҵаара, аҧхьаҟатәи афонд аусура арҭбааразы Аҧсныи аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи реимадара арӷәӷәара»-ҳәа азгәеиҭеит Гәрам Амқәаб.

Ҭырқәтәыла иҟаз Аҧснытәи аделегациа русурақәа хацыркын ҳдиаспора еиҳарак ирацәаҩны иахьынхо Адаҧазар иаҵанакуа ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟны, иара убас имаҷмызт  Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧгаз аҵарауаа злахәыз аиҧыларақәа.

«Ҳусура иаҵаз амаӡа маҷк шәзааҳартуеит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иазҧхьагәаҭаны иамоуп иаарласны аҧсышәала иҭыҵуа ажурнал аҭыжьра. Уи раҧхьатәи аномер аҿы, аҧхьаҩцәа алшара роуеит иахьа уажәраанӡа иӡыргам, амҳаџьырра аҭоурых иадҳәалоу, Ҭырқәтәылатәи архивтә материалқәа рхыҵхырҭақәа рҟынтә аинтерес зҵоу анҵамҭақәа  рыҧхьара»- рҳәеит афонд ахаҭарнакцәа.

Иара убас, «Жларбжьаратәи афонд Аҧсны» алахәылацәа изларҳәо ала, мышқәак ирылагӡаны ирылшеит аҧсуа қыҭақәа рҭаареи, аҧсуа быргцәеи рыҿцәажәарақәа.

Subscribe to Syndicate