Ателецҳа, Аҧсны – Иорданиа, Аиааира амш аҽны

Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит.  Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа.  Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00.

Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789

Иордани инхо ҳџьынџьуаа рҭоурых аҿы, ас еиҧш иҟоу зымҽхак ҭбаау ахҭыс раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит. Агәра ҳгоит ҳџьынџьуаа уи еиҳагьы рҭоурыхтә ҧсадгьыл ишазааигәанатәуа.

Subscribe to Syndicate