Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп Аҧсны араионқәа рҟны.
31/07 2015
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» инанагӡоит ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа ирызкыу апроект «Ани амаалықьи» аусура. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны, апроект аусура хацыркыуижьҭеи, Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи рҟны инхо 70 ҭаацәара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭақәа. Иазгәаҭатәуп, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы ишрыҭахо аҳамҭақәа. Апроект аусура еснагьтәихоит.
Арҭ амшқәа рзы, афонд ахаҭарнакцәа, аекономикатә ҿиареи, аинвестициеи рхеилак аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, аҳамҭақәа рыманы Очамчыреи, Тҟәарчали рраионқәа ирҭааит. Урҭ аҳамҭақәа зырҭаз аҭаацәа гәахәала ирыдыркылеит. Дара ирзеиҭарҳәеит афонд аусуреи, аҧхьаҟатәи ахықәки, насгьы апроект «Ани амаалықьи» ахарџьқәа зегьы ахахьы ишаго, Сенер Гогәуа напхгара зиҭо афонд. Апроект аусура нагӡахоит Аҧсны егьырҭ араионқәа рҿгьы. Иаарласны, ас еиҧш иҟоу аҳамҭақәа рызшахоит Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҟны инхо, ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа.
Абасала, ҳауаажәлар реизҳара, рыҿиара аус аҟны, хатә гәаҧхарала лагалак ҟазҵарц зылшо, ҳапроект адгылара арҭарц рылшоит.
- «Ани амаалықьи» ԥшьнызқьтәи аҳамҭа ианашьан Гостиев Лаван
- Апроект «Ани амаалықьи» Гагратәи араион аҿы
- Апроект «Ани амаалықьи» нагӡоуп Уарча ақыҭа
- "Ани амаалықьи" ҩнызқьтәи аҳамҭа ранашьан Шьаҟрылаа рҭаацәа
- Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит
- «Ани амаалықьи»
- Леон Џьынџьал -апроект «Ани амаалықьи» азықьтәи ахәыҷы.
- Апроект «Ани амаалықьи» Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит
- «Ани Амаалықьи» апроект ала раҧхьатәи аӽамҭақәа рнапаҿы ирыҭоуп.














.png)








