Цәыббра 29 - Астол гьежь «Аҧсни адиаспореи реимадара аизырҳара».

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз раҧхьатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ 40 шықәса ахыҵреи инарымаданы, Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны»  еиҿнакаауеит Астол гьежь «Аҧсни адиаспореи реимадара аизырҳара».  Уи иалахәхоит Аҧсны анапхгара, ауаажәларра, ҳџьынџьуаа, Ҭырқәтәылатәи арҭ амшқәа рзы иаауа ҳдиаспора рхаҭарнакцәа.

Астол гьежь мҩаҧысуеит Цәыббра 29, ақ. Аҟәа, «Москва-Аҩны» ахыбраҿы, 15.00 сааҭ рзы.

Subscribe to Syndicate