Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара атемала Астол гьежь мҩаҧган.

Embedded thumbnail for Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара атемала Астол гьежь мҩаҧган.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧган Астол гьежь: «Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара» атемала.  Афонд аусура ахықәкы хадақәа ируакыуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, уи ишьҭнахуа азҵаарақәа рыӡбара, рхаҵгылара.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Ҭырқәтәылантәи 11-ҩык ҳџьынџьуаа злахәыз раҧхьатәи аделегациа Аҧсныҟа раара 40 шықәса ахыҵра аҳаҭырази, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла анапхгареи, ауаажәларреи, ҳџьынџьуааи, Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсуа Федерациа аиҳабы  Џьенгиз Ашәбеи алархәны, Астол гьежь еиҿнакааит. Уи иалахәыз алшара рыман, Аҧсныи адиаспореи реимадара, насгьы русеицура аганахь ала, аҵарауаа рыҭҵаарадырратәтә ажәахәқәа разыӡырҩра. Иара убас, аиҿкааҩцәеи, алахәцәеи ргәаанагарақәа реибыҳәара.

Астол гьежь аартуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа иазгәеиҭеит, адиаспора иадҳәалоу азҵаарақәа еснагь актуалра шрымоу.  Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари ари аус еснагь гәцаракрыла ишазнеиуа. Аха, убри аан, аӡбара зҭахыу азҵаарақәа шырацәоу, ишышьақәыргылатәу арепатриациа иазкыу аҳәынҭқарратә программа. Досу ҳамчи, ҳахшыҩи, ҳалшарақәеи еилаҵаны, иҳагыу-иҳабзоу еибыҳәаны, аусқәа рыӡбара, реиҿкаара,насгьы рымҩаҧгара нап шарктәу.

«Аҧсуа ҳәынҭқарра аҧсуа жәлар ыҟамкәа ҵакыс иамоузеи? Ҭырқәтәылеи Аҧсныи рыбжьара аиҭанаиааирақәа анымариамыз аамҭазы, аҧсадгьыл ахь иаагаз амҩақәа ҧшааны, рабдуцәа зныҵыз рџьынџьдгьыл ршьапы ықәдыргылеит Ҭырқәтәылаҟа мчымхарыла ихырҵәаз аҧсуаа рхылҵшьҭрақәа. Сентиабр 27, 1975ш. рзы, 40 ш. раҧхьа, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Бигәаа Сабри, Бигәаа Омар, Иазыџьы Ҳасан, Ашамба Орҳан, Бганба  Џьенгиз, Атәанба Ирфан, Аиҟәысба Зульқьиф, Бадиа Шьафқьет, Амҷба Салиҳ, Аҟәысба Фиқьреҭ, Бганба Раиф. Иҟан урҭ раҧхьа иаақәаз аӡәык, ҩыџьак  аҧсуаагьы.  Усҟан иҳабжьаз агәыбылреи, аилибакаареи, рышьҭа ҳхыланы, аҭоурых ҳхамыршҭкәа, уаҵәтәи амш ҳазхәыцроуп.  Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа, азгәаҭа ҿыцқәа ҧшааны, аусура ҳалагароуп.  Ҭырқәтәылеиҧш, Европа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны ҳдиаспора хыҧхьаӡара рацәала инхоит. Иҟоуп урҭ рахьтә ҵара дыррала, економикала, акыр зылшо ауаа.  Урҭ Аҧсны иадыҧхьалатәуп. Ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рымаҵ аура ҳҽазаҳкроуп. Аибашьраҿы иҳамаз аидгылара аҩыза ааҳарҧшыроуп аҭынч ҧсҭазаараҿгьы. Ҭырқәтәылеи ҳареи иҳабжьоу аекономикатә ҿиара ҳарҭбаартә еиҧш аҭагылазаашьақәа ыҟоуп. Адемографиеи, арепатриациеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара аҳәынҭқарратә программа ахшыҩзышьҭра аҭаны иазнеитәуп. Уи азы иаҳҧырхагада?  Шықәсыла ҳазлацәажәо азҵаарақәа аус аҟны ианаҳзышьақәыргыла, хымҧада ҳусқәа алҵшәа рмоурц залшом. Сара ибзианы исгәалашәоит Аҧсны аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба иажәақәа: «Ҳҳәынҭқарра ауасхыр ӷәӷәахарц ҳҭахызар, ҳдиаспора ҳавагылазароуп»- ҳәа азгәеиҭеит «Жәларбжьаратәи  афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

Астол гьежь амҩаҧгаҩ аҭоурых ҭҵаарадыррақәа  ркандидат, ААУ адоцент, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амассатә информациатә хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадареи рхеилак анапхгаҩы Гәрам Амқәаб, еизаз, Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵра рыдныҳәалауа, иазгәеиҭеит минуҭктәи ҿымҭрала иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәарц. Иҳәеит Астол гьежь аҿаҧхьа иқәнаргыло аҵаки  ахықәки.

Астол гьежь шьақәгылан ҩхәҭакны. Актәи ахәҭаҟны, алахәцәа рҿаҧхьа иқәгылеит ҭҵаарадыррала адиаспора аус знапы алакыу, зџьабаа аду аҵарауаа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: Аҧсны аҭҵаарадырра Академиа ахада, академик Зураб Аџьапуа, афилалогиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа рҭоурых ҭҵаарадыррала  иҭызҵаауа, иазҿлымҳау Цира Габниаҧҳа, акыр шықәса раҧхьа зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз, ҳазлацәажәо азҵаара даараӡа иззаигәоу Ҳаири  Қәҭарба, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ҷыдала араб тәылақәа рҿы Кавказ ажәларқәа рдиаспора аҭоурых ҭызҵаауа, анаука аусзуҩ, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Есма   Гәыргәлиаҧҳа. 

Урҭ ирҳәоз ахшыҩзцарақәа ируакыуп, ҳажәлар егьа мыҟәмаба цәгьа рхыргазаргьы, атәым дгьыл аҿы милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара шрылшаз, рбызшәеи ркультуреи шырыхьчаз. Убри аан,  рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рымҩа шхоу. Аҧснынтә ацхыраара рыҭара шаҭахыу. Зегь раҧхьа иргыланы ишышьақәыргылатәу асоциалтәи акультуратәи ҟазшьа змоу аҳәынҭқарратә программа. Уажәраанӡа ишьақәыргылаз асистема аиҭакрақәа шалагалатәу. Аҳәынҭқарра  арепатриациа азҵаарақәа рҟны ахахьы иагоу ауснагӡатәқәа, иаду аҭакҧхықәра  шмаҷым.  Убри аан, зегьы жәҩахыркны ҳаидгыланы, ахшыҩ аҵаҵаны ари аус ишадгылатәу.

Астол гьежь аҟны иҟаҵан ажәалагала, еиуеиҧшым ахырхаҭақәа аҭаны, ҳбызшәеи ҳмилаҭтә хдырреи еиқәзырхо, акоординациатә хеилак еиҿкаазарц. Аҧсуа Аҧсны дыҟа, амшын нырцә дыҟа, ибзианы еиликаауазарц шихәҭоу ҧсадгьылс имоу акызаҵәык шакәу, хьӡысгьы ишамоу Аҧсны. Амҳаџьырра иахҟьаны, бызшәак еицызҳәоз ҳажәлар еиҩызшаз Амшын Еиқәа ихаҳҵаша ацҳамҩа ҧшааны, аҽеимадара амҩақәа шырӷәӷәалатәу.

Астол гьежь ахь ааҧхьара змаз, Аҧсны аҧыза аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, акыр шықәса раҧхьа Баҭымынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иааз, уи ахьчара бџьаршьҭыхла иазгылазр Шамиль Аӡынба инарҭбааны далацәажәеит арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа.

« Хымҧада, аҧсуара азҵаарақәа ҳрықәныҟәалароуп, аха убри аан аҳәынҭқарратә закәантә шьаҭа аҭаны, аҭҵаарадырра ахырхарҭала ари аус ҳазнеироуп. Адунеи аҟны иҧыршәахьоу аҿырҧшқәа ҳхы иаҳархәароуп. Ашықәсқәа цацыҧхьаӡа, аамҭақәагь, ахҭысқәагь рҽеиҭаркуеит. Ҳаргьы уи ҳацныҟәароуп, ҧхьаҟа ҳцалароуп. Аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аус аҟны ажәлар рыдгылара ҳамазароуп»-ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.

 Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада акультура азҵаарақәа рганахь ала иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиҿкаауижьҭеи рацәак шымҵуагьы, имҩаҧнагахьоу аусқәа шырацәоу. Ҳҳәынҭқарреи, ҳтәылаҿы иаҧҵоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи,  аусбарҭақәеи рыбжьара, уи еимаздо цҳаны ишыҟалаз. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳџьынџьуаа милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара ахьрылшаз даара ишџьашьатәу. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара иааз, иахьа ҳзызгәыдуу аҧсуа ҭаацәарақәа шыҟоу. Аҳәынҭқарра иҳәаақәнаҵо аусқәа рҟны рлагала шырацәоу.

Иара убас, Астол гьежь иалахәыз Ҭырқәтәыла еиҿкаау аҧсуа федерациа аиҳабы Џьенгиз Ашәба дазааҭгылеит,  аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа  рмилаҭтә хеиқәырхаразы ирылшо ҟарҵозаргьы, уи шазымхо. Ахатәы бызшәа ашәара ишҭагыло. Абызшәа зцәыӡыз зегь шицәыӡуа.  Иҳагыу иҳабзоу еиҽҧнымҳәакәа, ҳаицхырааны, ҳаидгыланы  ҳусқәа еицаҳаӡбалар шакәу.

Астол гьежь аҩбатәи ахәҭаҟны, уи зхы алазырхәыз зегьы ргәаанагарақәа еибырҳәартә еиҧш алшара рыман.

Аҧсныи адиаспореи реимадара аус, жәытәаахыс, иҵару зҵаараны ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәлари рҿаҧхьа иқәгылоуп. Аҧхьаҟа,  урҭ азҵаарақәа рылацәажәара, рыӡбара аус аҟны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусмҩаҧгатәқәа еиҿнакаалоит.

Subscribe to Syndicate