Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Иахьа, зхы изамыхәо ахәыҷқәа Галтәи рреабилитациатә центр иаҭааит Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Ареспублика ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд аусзуцәа Галтәи ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит атренажиор-аҩратә мҩа, иара убас 25 нызқь мааҭ аҧара, ацентр ауадақәа руак аиҭашьақәыргыларазы.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы изамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас иананашьеит акондицеонерқәа хәба.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит акондицеонерқәа хәба, иара убас урҭ рышьақәыргыларазы ацентр иахыҧхьараӡалеит  аҧара.

 Ареабилитациатә центр аҧҵоуп  ақәыҧшцәа рыҩны абазаҟны. Уи напхгара алҭоит Селма Занҭариаҧҳа.

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Мџьыҭ Гогәуеи, Гагра араион  аус зуа афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи, Гагра араион Колхида ақыҭа инхо ахшара рацәа змоу Бигәаа рҭаацәа ирҭааит. Афонд ахьӡала арҭ аҭаацәа ҳамҭас ирызнаган афатә ахьҭарҵо архьшәашәага, агазтә плита, аӡыршыга абак. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧхьаҟагьы ацхыраара рырҭалоит ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа» - ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа,  Бигәаа рыхшара рааӡараҿы аманшәалара рзеиӷьашьауа.

Иахьа, Ермантәылатәи Ареспублика зыхьӡ нагоу  амедецинатә центр «Святая Богоматерь» аҳақьым хада Николаи Огонес-иҧа Долокиан, Аҧснытнтә инеиз ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа идикылеит. Аҳақьым хада иҩызцәеи иареи ахәыҷқәа  азеиҧш медицинатә гәаҭарақәа ирыхрыжьит. Иҟарҵаз азгәаҭарақәа инарықәыршәаны, ҧшьҩык ахәыҷқәа рахьтә аӡәы аҧҟара иқәшәоит, хҩык аортез рзыҟарҵоит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи»  акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи», Аҧснынтә Ермантәылаҟа аоперациа аҟаҵара  идәықәырҵеит  ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ:. Уи аилазаараҟны иҟоуп:  Асҭамыр Занҭариа-8ш,  Амина Бигәааҧҳа-12ш,  Азамаҭ Ҷкотуа-12ш, Лиана Гәдалиаҧҳа-21ш. Ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аҧҟара мҩаҧигоит Ермантәылатәи Ареспублика ахәыҷтәы ҳақьым-травмотолог.

Ас еиҧш иҟоу ауснагӡатә  еиҿкаауп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еицырзеиҧшу апроект инақәыршәаны.

Иахьа, Гәдоуҭа араион аҟынтәи ашколқәра иаҵанакуа жәаҩык ахәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рыҭан. Аҳҭны қалақь ахь ааҧхьара змаз аҵаҩцәа  ирзаахәан амаҭәақәа, иара убас аҵараҿы ацхыраагӡа рызҭо ашколтә  хархәагақәа.

Апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ҩаҧхьа иаҭааит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа, Иамзе Заракәуаҧҳа лҭаацәа. Иамза Заракәуаҧҳа,  лхала быжьҩык ахшара лааӡоит, хәышықәса зхыҵуа инаиркны 16 шықәса зхыҵуа иҟынӡа. Лара хҩык арҧарцәеи, ҧшьҩык аҭыҧҳацәеи дрануп. Лыхшара рааӡараҟны ацхыраара лылҭоит лан.  Иамза, аҭаацәа зегьы рныҟәгара лҟәаҟәа иқәуп, лан-дтәанчаҩуп. Лыҧшәмеи лареи ҩышықәса раахыс еилыҵны иҟоуп, иара иҟынтәи изаҟаразаалак цхыраарак ыҟам. Аусурахь шарҧазы дгыланы дцоит, ианаамҭоу днеирц азы. Аус луеит Кындыӷ ақыҭа, ауҭраҭых ааӡарҭаҿы.

Апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо, быжьҩык ахшара зааӡо Генади Гәынбеи, Амина Цымцҧҳаи, афонд ахьӡала ацхыраара рыҭан. Ари аҭаацәара ду аҿы ирызҳауеит хәҩык аҭыҧҳацәеи, ҩыџьа арҧарцәеи: Милана, Мариана, Миранда, Минадора, Мадонна, Кадыр, Камыгу. Зегьы иреиҳабу 14 ш. лхыҵуеит иреиҳабу ҧшьышықәса. Гәынаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахьӡала Гәдоуҭатәи ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа. Аҭаацәа рхада Гена Гәынба, аофициалла џьаргьы аус иуӡом, аҩнтәи аусқәа ныҟәигоит.

Ауаажәларратә  еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны», 10 шықәса зхыҵуа Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы,  акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» 100 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит. Уи зырҵабыргуа ашәҟәы лнапы иаркын, афонд исасны иаҭаз   Анела хәыҷы лан Марина Қәҭарҧҳа.

Анела,  лыцламҳәа-хаҿытә  ҧҟара амҩаҧгаразы, афонд «Ашанеи», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» рымчала еизгоуп 285 нызқь мааҭ. Иаанхаз ахарџь ахахьы иагоит Урыстәылатәи ацхырааратә фонд «Русфонд». Лара аҽыхәышәтәра дахысуеит Москватәи ахәыҷтәы институт ацламҳәа-хаҿытә хирургиаҟны.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953ш. азы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зҧышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымтә еилазаара. Иҟоуп аҳҭны қалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа  усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы.  Акыр шықәса раахыс ахшараиуҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.  Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымҧада урҭ зегьы ҧсахтәуп.

Pages

Subscribe to Syndicate