Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

2016 шықәса, Ианвар мза  инаркны иахьанӡа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,  ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы еиҿкаау еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 500 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Уи еиднакылоит ахәыҷы иааӡараҿы ан  лхы иалырхәо амаҭәахәқәа.

Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит.

Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаҧҳаи жәҩык ахшара рааӡоит.  Ԥшьҩык  аҭыҧҳацәеи, хәҩык  арҧарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игор, Милана.  Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыҧҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит.  Фҩык ашкол иҭоуп, ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп.  Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыҧшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь.

Ҳҳәынҭқарраҿы ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа рхыҧҳьаӡара шәҩыла иҟоуп. Урҭ  аҧхьаҟатәи рҧеиҧш аиӷьтәра гәцаракра азнауеит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Афонд аҧшьгарала иаҧҵоуп аусуратә гәыҧ, ари ачымазара ишьҭнахуа азҵаарақәа реиҿкаара  ахылаҧшра азҭо. Зегь раҧхьа иргыланы иалацәажәоуп аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәа Аҧсныҟа раагара, акадрқәа реиҵааӡара, зылшара ҧку ахәыҷқәа аҭыҧан ацхыраара рыҭара. Уи азы апрграмма шьақәыргылоуп

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит ДЦП ачымазара иадҳәалоу,  изаамҭанытәиу аусуратә гәыҧ аилатәара.

Ауаажәлааратә еиҿкаара « Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аспонсорцәа ируаку анаплакы «Бета-Медикал», Виалета Гагәылиаҧҳа напхгара зылҭо, Аҟәа ақалақь иҟоу  зылшарақәа ҧку  ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара азыҟанаҵеит. 330 цыра аортопедиатә хчқәа аинвалидцәа  рзы ацентр ҳамҭас ианаҭеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иаҧнаҵаз апроект «Ани амаалықьи», ҳреспублика ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара амоуп. Убас, Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рыманы иаҭааит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Бзыҧта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.

Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит  жәаҩык ахшара.  Хәҩык аҧацәеи, хәҩык аҭыҧҳацәеи.  Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыҧхеит 45ш. ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз  урҭ ран, Аннета Ҳамиҭҧҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп. 

Очамчыра араион  Џьал ақыҭа инхо, Беслан Габелиеи, Светлана  Габлаиаҧҳаи быжьҩык ахшара рааӡоит. Ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә  иҟоуп. Аҧсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭә қьабзқәа аҧҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаҧшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит.  Ҳҳәынҭқарреи,  ҳауаажәларреи  рҧеиҧш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, 100нызқь мааҭ аҧара, зыҩны блыз, хшара рацәа змо Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.

Pages

Subscribe to Syndicate