Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи  ашкол хәыҷқәа  Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев  ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз  аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин».

Embedded thumbnail for Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» анагӡаразы. Галтәи актәи абжьаратә школ азы, афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрба, Роман Қапба, Есма Ҭарҧҳа, афонд ахьӡала аҵаҩцәа рзы аспорттә маҭәахәқәа рызнаргеит. Уажәшьҭарнахыс урҭ алшара рымоуп бзиа ирбо аспорттә хәмаррақәа рымҩаҧгара. Уи аҵакы азгәаҭаны, ашкол адиреқтор Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд имҩаҧнаго, хра злоу ауснагӡатәқәа рзы. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара рыҭоуп Қьеҭован Тарба лҭаацәа. Лара дынхоит Гал. Қьеҭован лыҧшәма,  Ҭамаз Ԥиҧиа, шықәсқәак раҧхьа длыҧхеит, лхала рааӡара даҿуп хҩык лхәыҷқәа. Лчымазара иахҟьаны, еснагьтәи аусура лымам, аамҭа-аамҭаала илырҳауа ала, лхыҷқәеи лараеи рхы ныҟәыргоит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспублика уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара инаҭеит хатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу,  Русин Тимофеи Владимир-иҧа. Иара ихала иааӡоит хҩык ахәыҷқәа, урҭ рсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳауп.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аибашьра аветеран ҳамҭас инаҭеит аӡәӡәага машьына. Уи зыршаҳаҭуа ашәҟәы, иахьа  афонд аусбарҭаҟны иара инапы иаркын. 

Ааигәа  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, уи ахаҭарнакцәеи  Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча  иаҭааит. Ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усқәа шазугьы, ахәыҷқәа ихаҭәааны рымаҵ ауразы иагу-иабзоу ыҟоуп. Уи аҭагылазаашьа збаз афонд ахада, дук хара имгакәа, Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча афонд ахьӡала  ҳамҭас иаиҭеит  хкы рацәала  ахәмаргақәа. 

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  имҩаҧнаго ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызку апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Дранда аҳаблан.  31ш. зхыҵуа Маврик Ҧачлиеи,  24ш. ирҭагылоу Илона Габелиаҧҳаи фҩык ахшара рааӡоит, ҩыџьа аҷкәынцәеи, ҧшьҩык аӡӷабцәеи: Марика, Иракли, Ельвира, Моника, Инал, Милена. Урҭ рахьтә иреиҳабу жәшықәса лхыҵуеит, иреиҵбу ҩымз.  Хҩык ашкол ахь иныҟәоит, хҩык аҩны иҟоуп. Аҭаацәа реиҳабы Маврик Ҧачлиа, аргыларақәа рҿы аус иуеит, убри ала ихшара рааӡара иҽазишәоит.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала,  аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ.  Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ  Мақсим   Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа  Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.

​Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Адлеиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Аҭаацәа реиҳабы Нарсоу Адлеиба, 30 ш. дырҭымсыц, хәҩык ахшара драбуп.  Иҧшәма қәыҧш Кристинеи иареи ирааӡоит хҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи, хымз инаркны хәышықәса зхыҵуа рҟынӡа.  Дара дрыцынхоит Нарсоу иашьеиҵыбгьы.  Арҭ аҭаацәара  џьаргьы аус руам, ауалафахәы роуам, адгьыл иқәаарыхны рхы ныҟәыргоит, ашәыр-ақәыр рҭиуеит, арахә рааӡоит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Ақәранҵыра» 100ш. инареиҳаны инызҵыз абыргцәа ирызкуп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала иаҧҵоу апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыбжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа ацхыраара рынаҭоит. Убас еиҧш иахьа, афонд ахаҭарнакцәа, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтә жәаҩык ахәыҷқәа  маҭәа-ҩыҭәалеи, аконцелиартә хархәагақәеи рыла еиқәдыршәеит.

Апроект «Агәыразра» аус ауеит есымза. 

Pages

Subscribe to Syndicate