Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов
Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Аҟәатәи  ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит

Иахьа, згәабзиаара ҧку ахәыҷқәа рзы Аҟәатәи ареабилитациатә центр иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә политиказы ахеилак анапхгаҩы  Иулиа Гәымҧҳаи. Дара уахь  нап ҭацәыла имнеит.  Агәыҳалалратә  проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареабилитациатә центр афонд ахьӡала ирыҭан хкы рацәала аҳамҭақәа: абзазаратә хархәагақәа, ацәарҭамаҭәақәа, афатә.

Иахьа, Очамчыра  араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны  жәаҩык ашкол аҵаҩцәа  шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит. Аҭаацәа ахәыҷқәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, дара  афонд ахаҭарнакцәа рыцны, Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит. Уаҟа инагӡан  урҭ  рҭахрақәа.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.  Дара ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусузцәа иаадырҧшуа ахаҵагылареи, азҿлымҳареи рзы.

Иуль мза, 2016 ш. рзы, Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа зызуз ахәыҷқәа рҭаацәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит. Ереван ақалақь аҿы ахәыҷқәа рыхәышәтәра алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» рыбзоурала.

Аҭаацәа, афондқәа рыҩбагь рхаҭарнакцәа имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәарҭеит, акыр иаагәауҭаратәы ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ишацхрааз.  Ҷкотуа   Азамаҭ иакәзар, акырӡа еиӷьны  аныҟәара далагеит аҳақьымцәа имҩаҧыргаз аоперациа анаҩс.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ари ақыҭаҿы инхо 35 шықәса зхыҵуа Омар Гындиа, иҧшәмаҧҳәыс Ирина Ҵәыџьҧҳаи иареи ирааӡоит  ааҩык ахшара: Рада, Радха, Ренат, Руслана, Расита, Регина, Растислава, Раиана. Иреиҳабӡоу илхыҵуеит 16 шықәса, зегь иреиҵбу асаби ҩымз. 

Агәыҳалалратә ҟазшьа  змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәылаҿы инхо  зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы апроектқәа аус руеит.  Уи рхы аладырхәит Германиа инхо ҳџьынџьуаагьы. Арҭ амшқәа рзы Аҧсныҟа дара иаарҭиит амаҭәақәа. Урҭ рзеихшахоит аҭаацәарақәа. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго, ахшара рацәа змоу, змазара хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект «Аҧеиҧш» аус ауан иахьа, Аҟәа ақалақь. Алашарбага аҳаблаҿы инхо Гәыралиа Малхази, Қаџьаиаҧҳа Анжелеи фҩык ахшара рааӡоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ашкол ахь иныҟәо, дыҟоуп зынӡа ааигәа ииз асабигьы. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Гәыралиаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит.

Иахьа, Аҟәа араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 10-ҩык ашкол аҵаҩцәа шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла  еиқәнаршәеит. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп 8000 мааҭ аҧара. Мызкы ари апроект иартәоит 80нызқь мааҭ.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.  Дара ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусузцәа иаадырҧшуа ахаҵагылареи, азҿлымҳареи рзы.

Апроект «Агәыразра» аус ауеит есымза.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аматериалтә цхыраара анаҭеит Галтәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр. Уи ақәхарџьхоит аремонттә усурақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы  афинанстә цхыраара лнапы иаркын Галтәи ареабилитациатә центр ахаҭарнак .

Апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара анаҭеит Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ.

 Апроект «Агәамч» аспорттә маҭәахәқәа рыла ашколқәа еиқәнаршәоит. Уи хықәкыс иамоуп аҵаҩцәа абаҩарҵәыра абзиабара рылааӡара, радыҧхьалара. Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ азы  афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас инаргеит ампылқәа, амҵәышәымпыл ахьҭадыршәуа амацәаз, ашьапылампылтә амбақәа, аҧкьаҭымпыл азы асеҭкақәа уҳәа хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа.

​Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Роман Қапба, Мџьыҭ Гогәуа, Тҟәарчал ақалақь инхо, ахшара рацәа змоу Лагәлаа Лерики Чаабал Иринеи рҭаацәа ирҭааит. Уаҟа ирызҳауеит быжьҩык ахшар-Леуан, Леон, Гена, Еснаҭ, Лионелла, Иасмин, Аинар. Урҭ рахьтә ҧшьҩык ашкол ахь иныҟәоит, аиҵбацәа ахәыҷбаҳчахь.

Аҩнаҭа аҧшәма Лерик Лагәлаа, еснагь аус ахьиуа имам, иҧшәма ҧҳәыс лакәзар, аҩны дыҟоуп, ахәыҷқәа лааӡоит. Ас еиҧш аҭаацәара ду ахьыҟоу, ҳәарада, абзазаратә маҭәахәқәа рыгымхар алшома?

Pages

Subscribe to Syndicate