Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Гәдоуҭа араион   Ҟәланырхәа ақыҭа инхоит Аҩӡба Гәдисеи Аҧшьыцба Мирандеи рҭаацәа.  Урҭ ирааӡоит хәҩык ахәыҷқәа: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Аҭаацәа ақалақь иазааигәаны иахьынхо аҟынтә, уахь усура ицеит. Ахәыҷқәа , шықәсык инаркны  быжьшықәса рҟынӡа рхыҵуеит.  Ранду Замира Чукба илыбзоураны, ахәыҷқәа ран аус луеит, анду ахәыҷқәа дрыцынхоит, илааӡоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада  Сенер Гогәуа,  афонд аҟны иаҧҵоу аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы  Нугзар Логәуа, афонд аспонсор хада «Абхазморпром»  аиҳабы  Ҭемыр Логәуа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит. Раҧхьа урҭ неит Б. Шьынқәба ихьӡ зху  Ҷлоутәи абжьаратә школ ахь.  Афонд имҩаҧгнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол ҳамҭас ианаршьеит аспорттә маҭәахәқәа. Ҷлоутәи ашкол аҭагылазаашьа збаз  афонд ахада Сенер Гогәуеи,  «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуеи,  ашкол анапхгара агәыӷра рырҭеит, ашкол аҧхьаҟагьы ацхыраара шарҭо.

Абар уажәшьҭа, шықәсык ҵуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд, ҿыц ахшара дзауз ан лысаби иааӡараҿы лхы иалырхәаша ашәыра азнархиоижьҭеи.  Аҳамҭақәа заухьо аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара, иахьа 1000 рҟынӡа инаӡеит. Урҭ аҭаацәа,  Аҟәа ақалақь инхо, Инал  Џьынџьали  Рафида  Амҷыҧҳаи  ракәхеит. Жәамш раҧхьа,  Џьынџьалаа рҭаацәараҿы диит аҵеи, Леон  Џьынџьал. Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы, арҭ аҭаацәара ирзыҧшын ирзымдыруаз агәырӷьаратә хҭыс.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рынаҭоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәпҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи,  ахшара рацәа змоу Беслан Воубеи Фатима Кәыҵниаҧҳаи рҭаацәа ирҭааит. Дара нхоит Аҟәа ақалақь, Ахабла ҿыц иҟоу аҩнеихагылақәа руак аҟны. Афонд аусзуцәа ари аҭаацәара аҳамҭақәа рызнаргеит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы  иҟан «Ани амаалықьи» ашәыра. Мышқәак раҧхьа Воуаа рҭаацәараҿы иҟалеит ахҭыс гәырӷьахә, диит афбатәи ахәыҷы, хьӡысгьы ирҭеит Алан.

Апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара рынаҭеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуаа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа ашкол ахь реиқәыршәаразы. Иахьа, 20-ҩык аҵаҩцәа рҭаацәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, афонд ахаҭарнакцәа рыцны,  Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит, аҵаҩцәа ашкол ахь иршәырҵаша амаҭәақәеи, аканцелиартә маҭәахәқәеи раахәаразы.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", Пицунда ақалақь аҧсшьарҭатә ҩнқәа реидгылеи ирыбзоураны, Аҧсны араионқәа рҟынтә згәабзиара ҧку ахәыҷқәа, Пицунда иҟоу "Адельфинариахь" аныҟәарақәа рзеиҿкаан. 

Иахьа, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхыраара иазку апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Хәҩык ахәыҷқәа зааӡо Руслан Ҳаџьымбеи, уи иҧшәмаҧҳәыс Маринеи ҳамҭас ирызнаргеитанхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, ахәы зҭарҵо архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак. 
"Ҳара ҳзы ари хәы змаӡам цхыраароуп. Тҟәарчал аҭагылазаашьа уадаҩуп, ахныҟәгара цәгьахеит. Сыҧшәма ирҳауа ахәыҷқәа рхәы мацароуп изызхо. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит"-лҳәеит Манана Ҳаџьымҧҳа. 

Иахьа, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа,  афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи,   афонд аусзуҩ Симон Агрбеи, Гәдоуҭа араион ахадеи реиҧылара мҩаҧысит.  Афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас Гәдоуҭаҟа инаргеит акомпиутерқәа ҧшьба (аноутбукқәа). Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан афонд апроектқәа руак аҳәаақәа  ирҭагӡаны, Аҧсны араинтә еиҿкаарақәеи ашколқәеи компиутертә техникала реиқәыршәара инамаданы.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Тҟәарчалтәи реабилитациатә центр, хыҧхьаӡара рацәала аҳамҭақәа рыманы иаҭааит. Акондиционерқәеи, абзазаратә маҭәахәқәеи, хымҧада ацентр аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит.  Ацентр аҿы аус зуа зегьы, ахәыҷкәа иҷыдоу ахаҵгылара рырҭоит, рус бзиа ибаны иазнеиуеит. Араҟа иаҧҵоуп хыҧхьаӡара рацәала акружокқәа. Ахәыҷқәа ракәзар, ари аҭыҧ зегь реиҳа бзиа ирбо акакәны иҟалеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд аусзуҩ Мџьыҭ Гогәуа Тҟәарчал ақалақь ахәыҷбаҳч

Pages

Subscribe to Syndicate